Аԥсны ААР аҟны Аҟәа аиҿахысра аан иҭахаз рыхьӡқәа рҳәеит

© SputnikМашины МВД Абхазии
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар идҵала аусбарҭа аппарат хада "ашәарҭара ҳаракы" акоманда рылаҳәоуп, ацәгьоуцәа раанкыларазы аплан еиҿкаауп.

АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik. Аҟәа иҟалаз аиҿахысра иахҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит Руслан Гәыдалиеи Беслан Ӡыбеи, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.07.2021
Аҟәа иҟалаз аиҿахысра иахҟьаны ҩыџьа ҭахеит

Аусбарҭа адыррақәа рыла, аиҿахысра ҟалеит асааҭ 19:54 рзы, цәыббра 30 амҩа, №8 аҩны аҿаԥхьа.

Ихәыз хҩык ацхыраара рыҭаразы Ареспубликатә хәшәтәырҭахь инаган.

Гәдалиеи Ӡыбеи иаразнак рыԥсҭазаара иалҵит, Аслан Зыхәба ареанимациа аҟны дышьҭоуп, иԥсеиқәырхара иаҿуп.

Аҭыԥ аҟны аус руеит Аԥсны ААР ашьаусԥшаара-оперативтә гәыԥи аексперт-криминалисттә центр аспециалистцәеи. Имҩаԥыргоит ари ацәгьоура иалаҟьашьу ахаҿқәа рыԥшааразы ауснагӡатәқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0