Аҩаша ԥхынгәы 20 Аԥсны иԥсшьарамшны ирылаҳәоуп

Аԥсылманцәа иазгәарҭо Кәырбанныҳәа инамаданы ареспубликаҿы ԥхынгәы 20 ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 19 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аусԥҟала, аҩаша ԥхынгәы 20 ԥсшьарамшуп.

Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә напхгара ахаҭарнак Роман Џьуӷьелиа Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, сынтәа акоронавирустә ҭагылазаашьа иахырҟьаны аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥгахом.