АҞӘА, ԥхынгәы 19 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аусԥҟала, аҩаша ԥхынгәы 20 ԥсшьарамшуп.
Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә напхгара ахаҭарнак Роман Џьуӷьелиа Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, сынтәа акоронавирустә ҭагылазаашьа иахырҟьаны аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥгахом.