Аслан Бжьаниа аԥсылманцәа Кәырбан-Баирам ныҳәа рыдиныҳәалеит

Кәырбанныҳәа, мамзаргьы Ид аль-Адха — аԥсылманцәа рныҳәақәа ируакуп, аҳаџьныҟәара хнаркәшоит. Сынтәа аныҳәамш ақәшәеит ԥхынгәы 20, ҳтәылаҟны иԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 20- Sputnik. Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Кәырбан-Баирам ныҳәа рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Аԥсны аԥсылманцәа иазгәарҭоит Кәырбанныҳәа

Атәыла ахада иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу аԥсылман уаажәларра агәыҳалалратә усура ду шымҩаԥнаго, ҳтәыла асоциалтә, аҵараиуратә, арккаратә аԥшьгарақәа рынагӡара хшыҩзышьҭра шарҭо.

"Ареспубликаҟны ачымазараҿкы COVID-19 алаҵәара ианалага, ҳџьынџьуаа-аԥсылманцәа аиашьаратә цхыраара ду ҟарҵеит хыԥхьаӡара рацәала ахәшәқәа, хаҭалатәи ахыхьчагатә хархәагақәа рыла. Ас еиԥш ацхыраара аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа русеицура, амилаҭбжьаратә, адинбжьаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара иацхраауеит, иара убас адинтә еинымшәареи аекстремизми ирҿагылоит", - аҳәоит адныҳәалараҟны.

Аслан Бжьаниа Аԥсны аԥсылманцәа, иара убас аԥсылман тәылақәа рыҟнеиԥш, иахьакәзаалак адунеи иқәынхо ҳџьынџьуаа зегьы ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, ахирра, аныҳәа лаша алԥха.

Кәырбанныҳәа, мамзаргьы Ид аль-Адха — аԥсылманцәа рныҳәақәа ируакуп, аҳаџьныҟәара хнаркәшоит. Аҳаџь - аԥсылманра ахәбатәи ашьаҭоуп. Кәырбан-Баирам аныҳәа акәзар, зуль-хиджа амза а-10-тәи амш (аԥсылманцәа рымзар ала а-12-тәи амза) ауп иаанаго.