Аԥсны аԥсылманцәа иазгәарҭоит Кәырбанныҳәа

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото.
Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.07.2021
Анапаҵаҩра
Кәырбан-Баирам — ԥсыламан ныҳәоуп, иазгәарҭоит аныҳәа Ураза-Баирам ашьҭахь 70 мшы анҵлак. Аԥсны иара ахатәы милаҭтә хьӡы амоуп – Кәырбанныҳәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 20- Sputnik. Аԥсны аԥсылманцәа иазгәарҭоит Кәырбанныҳәа.

Сынтәа аныҳәамш ақәшәеит ԥхынгәы 20, аҩаша.

Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә напхгара ахаҭарнак Роман Џьуӷьелиа Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, сынтәа акоронавирустә ҭагылазаашьа иахырҟьаны аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥгахом.

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аусԥҟала, аҩаша ԥхынгәы 20 ԥсшьарамшуп.

Роман Джугелия - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.07.2020
Арадио
Џьугьелиа Кәырбанныҳәа аҵакы азы: Ҳазшаз уԥсы зегьы ала игәра умгозар, аилкаара цәгьоуп

Кәырбанныҳәа, мамзаргьы Ид аль-Адха — аԥсылманцәа рныҳәақәа ируакуп, аҳаџьныҟәара хнаркәшоит. Аҳаџь - аԥсылманра ахәбатәи ашьаҭоуп. Кәырбан-Баирам аныҳәа акәзар, зуль-хиджа амза а-10-тәи амш (аԥсылманцәа рымзар ала а-12-тәи амза) ауп иаанаго.

Ари аҽны аҟәрҟан излаҳәо ала, ҧхыӡла, аҧаимбар, апророк Ибраҳим иҿы днеины, ҧсаҭатәыс Аллаҳ иҿаҧхьа иҧа дҟаиҵарц иеиҳәеит. Ибраҳим дазыразны, Мекка адәҳәыҧш аҟны дцаны, аҽазыҟаҵаратә усмҩаҧгатәқәа дрылагеит. Аллаҳ, абас ала дҧишәеит Ибраҳим, агәрагьы игеит иҿаҳәатәы шынаигӡоз ала. Аҵыхәтәантәи аминуҭқәа рзы, Аллаҳ, Ибраҳим иҧа деиқәирхоит. Иҧа ихаҭыҧан ауаса ҧсаҭатәыс иҟаиҵоит. Анаҩс, ҳазшаз Анцәа ду, Ибраҳим аҩбатәи аҧа, Исҳақ, иирагьы иаҭәеишьоит.

Адунеи иқәынхо аҧсылманцәа зегьы иазгәарҭоит Кәырбанныҳәа.

Гәыла-ҧсыла Аллаҳ изааигәахара, рыгәнаҳарақәа рхыхра, арыцҳаибашьара, аилибакаара, ҧсылманҵасла ҳазшаз иашьапкра, абарҭ аусқәа рымҩаҧгаразы, Курбан-Баирам аныҳәазы, аҧсылманцәа, ҧсаҭатәыс ашьтәақәа ршьуеит. Уи зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭаацәарақәа ирзыршоит, аҳамҭақәа еимырдоит, еҭанаиааиуеит. Даҽа аамҭанык еиҧшымкәа агәыҳалалреи аразреи аадырҧшуеит.

Кәрбанныҳәа азгәарҭоит, Ураза Баирам 70 мшы анҵлак ашьҭахь. Аныҳәа азгәарҭоит хымш-ԥшьымш.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0