Аҟәа ахәҭак ӡрыжәтәда иаанхоит аԥшьаша ԥхынгәы 22 рзы

Аӡрыжәтә аанкылахоит Имам Шамиль имҩеи Март 4 амҩеи реихысырҭаҿы здиаметр 500 миллиметра иҟоу аӡымҩангага ахьԥжәаз иахҟьаны.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Аҟәа араионқәа ӡрыжәтәда иаанхоит аԥшьаша ԥхынгәы 22 рзы, абри атәы аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".

Аӡы аанкылахоит асааҭ 00:00 инаркны 22:00 рҟынӡа аҳҭнықалақь анаҩстәи араионқәа рҟны:

  • Аҳабла ҿыц,
  • Колос,
  • Авокзал,
  • Адыгеиаа рымҩа,
  • ВИЕМ,
  • ақалақь агәы,
  • аџьармыкьа,
  • Алашарбага.

Аӡы аанкылатәхеит Имам Шамиль имҩеи Март 4 амҩеи реихысырҭаҿы здиаметр 500 миллиметра иҟоу аӡымҩангага ахьԥжәаз иахҟьаны.