АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Аҟәа араионқәа ӡрыжәтәда иаанхоит аԥшьаша ԥхынгәы 22 рзы, абри атәы аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".
Аӡы аанкылахоит асааҭ 00:00 инаркны 22:00 рҟынӡа аҳҭнықалақь анаҩстәи араионқәа рҟны:
- Аҳабла ҿыц,
- Колос,
- Авокзал,
- Адыгеиаа рымҩа,
- ВИЕМ,
- ақалақь агәы,
- аџьармыкьа,
- Алашарбага.
Аӡы аанкылатәхеит Имам Шамиль имҩеи Март 4 амҩеи реихысырҭаҿы здиаметр 500 миллиметра иҟоу аӡымҩангага ахьԥжәаз иахҟьаны.