Уаха асааҭ 12 нахыс ақәа леиуеит, ақәыршҩы ахь ииасуеит, адыдмацәыс ҟалоит, ҭыԥқәак рҟны акырцх леиуеит ҳәа адырра ҟалҵеит Занҭариаԥҳа.
"Уаха асааҭ 12 нахыс амш еилашәоит. Уи ҟалоит аҳауатә еиҿагыларақәа ирыхҟьаны. Бааԥсыла амшцәгьа ҟалоит Қырҭтәыла, ҳара ҳҟынӡа иара ишамчу иаауам. Тҟәарчали Гали араионқәа хәыҷык ирыхкьысыр ҟалап, аха иааизакны аӡхыҵра ӷәӷәа ҟаланы ҳәа иаабаӡом. Ԥхынгәымза иара ишақәнагоу еиԥш ауп ишаабо. Секунд ала аԥшаласра ҭыԥқәак рҟны 11-16 метра рҟынӡа иҟалоит, уигьы иӷәӷәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, аха аҵлақәа кажьуа, арыцхә 4 рзы иҟаз аҭагылазаашьа ҟалап ҳәа ҳгәы иаанагаӡом", - ҳәа еиҭалҳәеит Занҭариаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны АҶА адырра ҟарҵоит ԥхынгәы 23 анаҩс амшқәа цәгьахоит ҳәа