АҞӘА, ԥхынгәы 20 - Sputnik. Аԥсны АҶА ааԥхьара ҟарҵоит Аԥсны иқәынхои асасцәеи рахь, ԥхынгәы 23 инаркы Аԥсны иҟаларц зылшо амшцәгьақәа раан ахыхьчараз иақәнагоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәарц. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аусбарҭа аҟны ишазгәарҭаз ала, аҳауагәаҭаҩцәа иаарыцҳауеит, Аԥсны ашоурақәа рышьҭахь ԥхынгәы 22-23 рзы ақәаршҩы леиуеит, адыд-мацәыс ҟалоит, иара убас ҭыԥқәак рыҟны акырцх ауеит.
Инаҵшьны иазгәарҭуеит еиҳарак ргәы рҽшанырҵауа ашьхаҭыԥқәа рахь аԥсшьара згәы иҭоу аԥсшьаҩцәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны амшын аҟәарақәа рҿы ашәарҭадара азҵаара иалацәажәеит АҶА аҿы