Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Занҭариаԥҳа еиҭалҳәеит ԥхынгәы 22-23 рзы амшцәгьа аан узыцәшәаша ыҟоу иҟаму

© Foto / предоставила Диана ЗантарияДиана Зантария
Диана Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА ааԥхьара ҟанаҵоит ԥхынгәы 22 инаркы Аԥсны иҟаларц зылшо амшцәгьақәа раан ахыхьчараз иақәнагоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәарц. Аҳауагәаҭаратә маҵзура аналитикатә ҟәша аиҳабы Диана Занҭариаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит узыцәшәаша ыҟоу иҟаму.

Уаха асааҭ 12 нахыс ақәа леиуеит, ақәыршҩы ахь ииасуеит, адыдмацәыс ҟалоит, ҭыԥқәак рҟны акырцх леиуеит ҳәа адырра ҟалҵеит Занҭариаԥҳа.

Занҭариаԥҳа еиҭалҳәеит ԥхынгәы 22-23 рзы амшцәгьа ахьынӡабааԥсхо атәы

"Уаха асааҭ 12 нахыс амш еилашәоит. Уи ҟалоит аҳауатә еиҿагыларақәа ирыхҟьаны. Бааԥсыла амшцәгьа ҟалоит Қырҭтәыла, ҳара ҳҟынӡа иара ишамчу иаауам. Тҟәарчали Гали араионқәа хәыҷык ирыхкьысыр ҟалап, аха иааизакны аӡхыҵра ӷәӷәа ҟаланы ҳәа иаабаӡом. Ԥхынгәымза иара ишақәнагоу еиԥш ауп ишаабо. Секунд ала аԥшаласра ҭыԥқәак рҟны 11-16 метра рҟынӡа иҟалоит, уигьы иӷәӷәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, аха аҵлақәа кажьуа, арыцхә 4 рзы иҟаз аҭагылазаашьа ҟалап ҳәа ҳгәы иаанагаӡом", - ҳәа еиҭалҳәеит Занҭариаԥҳа.

 

Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0