Ешба аӡхыҵра иахҟьаны аԥхасҭа зауз ауаа ӡыржәтәла реиқәыршәаразы адҵа ҟаиҵеит

Аҟәа аӡыҭгагатә станциақәа ҩба ааха роуит ԥхынгәы 27 ауыха илеиз ақәаршҩы иахҟьаны, атәыла ақалақьқәеи араионқәеи ринфраструктура ааха ӷәӷәа аиуит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik. Аҟәа ахада Беслан Ешба анхарҭа-коммуналтә усбарҭа анапы ианиҵеит кьылашәыртәи аӡыҭгагатә станциаҟынтә аӡы зауаз ауааԥсыра ӡыржәтәла реиқәыршәара еиҿнакаарц. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.

Ԥхынгәы 27 азы иаалырҟьаны иҟалаз аӡхыҵра иахҟьаны 120-метра иҟаз аӡымҩангага ықәнаӡәӡәааит. Аҟазауаа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагоит аӡы анлеилак, аха анхарҭа-коммуналтә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба иажәақәа рыла, уи макьаназы изалшом.

Уаанӡа Беслан Ешба аиҳа аԥхасҭа зауз ақалақь аҭыԥқәа рахь днеиит. Аӡиас Басла зҵалаз Ҷанба имҩаҿ инхо ауааԥсыра дрыҿцәажәеит.