АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik. Аҟәа ахада Беслан Ешба анхарҭа-коммуналтә усбарҭа анапы ианиҵеит кьылашәыртәи аӡыҭгагатә станциаҟынтә аӡы зауаз ауааԥсыра ӡыржәтәла реиқәыршәара еиҿнакаарц. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.
Ԥхынгәы 27 азы иаалырҟьаны иҟалаз аӡхыҵра иахҟьаны 120-метра иҟаз аӡымҩангага ықәнаӡәӡәааит. Аҟазауаа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагоит аӡы анлеилак, аха анхарҭа-коммуналтә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба иажәақәа рыла, уи макьаназы изалшом.
Уаанӡа Беслан Ешба аиҳа аԥхасҭа зауз ақалақь аҭыԥқәа рахь днеиит. Аӡиас Басла зҵалаз Ҷанба имҩаҿ инхо ауааԥсыра дрыҿцәажәеит.