Гагра араиони Пицундеи нанҳәа 2 азы лашарада иаанхоит

Рашәара 18 инаркны Аԥсны уахынла ҩ-сааҭк афымцалашара арцәара иалагеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. Гагра араиони Пицундеи нанҳәа 2 азы лашарада иаанхоит асааҭ 15:00 - 18:00 рыбжьара. Абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.

Алашара арцәара адҳәалоуп авольтҳарак-цәаҳәа "Бзыбь" аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара.

Рашәара 18 инаркны Аԥсны уахынла ҩ-сааҭк афымцалашара арцәара иалагеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: