Гагра ҩ-уадак змаз ауаҭах блит

Амцакра ҟалеит Аԥсны АҶА ахь адырра аныҟала иаразнак аҭыԥ ахь инеит амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Гагра Абазгаа амҩаду аҿы ҩ-уадак змаз ауаҭах амца акит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра апресс-маҵзура.

Гагра ҩ-уадак змаз ауаҭах блит

Иазгәаҭоуп, аиқәырхаҩцәа рнеира аамҭазы ауаҭах зегьы амца иамҽханакхьан.

Амца дырцәон амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба. Амцарцәаҩцәа ирылшоз зегь ҟарҵеит, аха ауаҭах зегьы блит.

Аӡәгьы ааха имоуӡеит ҳәа адырра ҟанаҵеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра.