Иажәеи иуси еицын: Ефиопиа аус зуаз адипломат Григори Шәлымба иҭоурых

Африка, Ефиопиа аҳҭнықалақь Аддис-Абеба СССР амиссиа Актәи амаӡаныҟәгаҩс иҟаз Мгәыӡырхәатәи арԥыс Григори Сергеи-иԥа Шәлымба иҭоурых ҳзеиҭалҳәоит Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа.
Sputnik
Аамҭа иаратәы афырхацәа амоуп. Ашықәсқәа цацыԥхьаӡа ииуеит даҽа шьоукы. Аха иҟоуп урҭ ирзеиԥшу акы - ашьҭа. Уи ухыланы уҿынаухар, ицәырҵуеит ишьахәу аҭоурых.
Сара иахьа ишәзеиҭасҳәар сҭахуп Африка, Ефиопиа аҳҭнықалақь Аддис-Абеба СССР амиссиа Актәи амаӡаныҟәгаҩс иҟаз Мгәыӡырхәатәи арԥыс Григори Сергеи-иԥа Шәлымба иӡбахә. Уи анҵоуп имаҭа Зураб Бжьаниа иҿынтә.
Sputnik, Саида Жьиԥҳа
Григори Шәлымба диит 1912 шықәсазы Мгәыӡырхәа ақыҭан, анхаҩы иҭаацәараҿы. Ахәыҷы адунеи иқәлара алахьеиқәҵарала иалагеит, ахшараиураан иан Арӡынԥҳа лысаби дихԥсаауеит. Григори изҳауеит ан лнапы хаа имбакәа. Аамҭак ашьҭахь иашьеиҳаби иареи рааӡара лҽазылшәоит ранԥса.
29 шықәса ҭакрала изхызгаз аруаҩ: Харлампеи Жьиба иҭоурых
Григори Шәлымба ԥсабарала аҟәышреи аамысҭашәареи злаз уаҩын. Лыхны инхоз иуацәа Гагәылиаа рыцхыраарала иҟәшәаны иааигоз араса ҭины, иаҭныҵуаз ала аберҳәсацәа аҩреи аԥхьареи идырҵарц дрызцон. Урҭ адыррақәа ирыбзоураны Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол қәҿиарала даналга, уи аамҭазы Акомҿар Еидгылаҿгьы зхы бзианы иаазыԥшхьаз арԥыс Жәлар рҵара акомиссариат дыршьҭуеит Ленинградҟа, аусутә факультет ахь.
Анаҩс, Ленинградтәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет дҭалоит. Агәырҵҟәыл змаз аԥсуа ҷкәын изы иуадаҩмызт адыррақәа рырҳара, аха имариамхеит дгьыл наӡарак аҿы ахныҟәгара. Убри аҟнытә ҽынла аҵара ҵаны, уахынла ашхәа абна ақәихуан, чак ахә ирҳарц. Ус дшыҟаз, агәамбзиара иахырҟьаны аҩныҟа дгьежьыр акәхеит. Ишьапы данықәгыла, фымз Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ аҿы аҵара аҟәша аиҳабыс аус иуит. 1935 шықәсазы, иҵараиурҭаҿы дшьақәгылоит. Ленинградтәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аҭоурыхҭҵааҩ изанааҭ иоуеит.
Аԥсны
Ииаҭымхаз абиԥарак: 37-тәи ашықәсқәа ирылаӡыз аишьцәа Шармаҭаа рҭоурых
Аџьынџьтәылатәи аибашьра ду аналага, 1941 шықәсазы Григори Шәлымба икурс зегьы афронт ахь идәықәлоит. Иаргьы ахыԥсаҟьаҩс аԥырҩы диватәаны ҳаирпланла изныкымкәа аӷацәа дырҿагылахьан. Ус ишыҟаз, наҟ-наҟ аҵарауаа ҳҭаххоит ҳәа, рнапхгара уи акурс астудентцәа еидыркылоит. Иагьыршьҭуеит рҵара иацырҵарц Москваҟа, СССР Жәлар ркомиссариат адәныҟатәи аусқәа иатәу Иреиҳау адипломатиатә школ ахь.
"Сабду Москва ақалақь аҟны иҩызцәеи иареи Иреиҳау адипломатиатә школ иҭалеит. Қәҿиарала рҵара анхдыркәша, доусы усурҭала еиқәдыршәеит, иара Жәлар ркомиссариат адәныҟатәи аусқәа рҿы референтс дрыдыркылоит. 1945-1949 шықәсқәа рзы сабду Африка, Ефиопиа аҳҭнықалақь Аддис-Абеба СССР амиссиа Актәи амаӡаныҟәгаҩс дыҟан. Аԥсшәа аламҵакәа быжь-бызшәак идыруан. Иара ихылаԥшарала уаҟа иргылаз агоспиталь аҿы иахьагьы ифотосахьа уахьааҩнало икыдуп. Уи дырҵабыргит Еиду Амилаҭқәа Реилазаараҿы аус зуаз ҳтәыла ахаҭарнакцәа Денис Данькои Тата Џьоџьуаԥҳаи», - аҭоурых дазааҭгылоит амаҭа Зураб Бжьаниа.
 
1945-1949 шықәсқәа рзы Григори Шәлымба Африка, Ефиопиа аҳҭнықалақь Аддис-Абеба СССР амиссиа Актәи амаӡаныҟәгаҩс дыҟан.
 
Сталини Бериеи рполитика хәашь иахырҟьаны, Григори Шәлымба авба иҭаны СССР адәныҟатәи аусқәа рҟынтә ихы дақәиҭыртәит, убас апартиа далырхит. Аамҭакы Москва еиуеиԥшым усурҭа ҭыԥқәак рҿы амаҵурақәа ныҟәигахьан. Анаҩс, Узбекисҭан қалақьқәак рҟны абжьаратә школқәа рҿы аурыс бызшәеи алитературеи аҭоурыхи амаҭәарқәа мҩаԥигон. Сталин иԥсҭазаара даналҵ, 1955 шықәсазы иҭаацәа иманы Аԥсныҟа дааит.
Григори Шәлымба изы иуадаҩхеит аб игәараҭа аҭалара. Араҟа уаҳа дизыԥшымыз жәҩахырс имаз иашьеиҳабы. Уи хабарда дыбжьаӡуеит дышқәыԥшӡаз, Аџьынџьтәылатәи аибашьра ду аан, Ԥсҳәы асовет солдатцәа дышрыцыз. Еицырдыруаз адипломат Гәдоуҭа ақалақь аҩны ргыланы ибзазара еиҿикааит. Ишьапы данықәгыла, иуаажәлар рымаҵ аура иҽазикит. Апартиаҿы дшьақәгылеит. Мгәыӡырхәатәи ашкол аҿы аҵара аҟәша аиҳабысгьы аусура далагеит. Уи ашьҭахь Гәдоуҭатәи аусутә ҿар рыбжьаратә школ аҿы аҵара аҟәша дахагылеит. Аамҭа-аамҭала Гәдоуҭатәиқәа ихарҭәаами, Н. Лакоба ихьӡ зху актәи абжьаратәи, Џьырхәатәи ихарҭәаами ашколқәа рдиректорс дыҟан.
Григори Шәлымба
"Сабду ақәра ду ниҵеит, шәышықәса данырзааигәаха ауп идунеи аниԥсах. Зоура бжьаратәыз, еиқәаз, ҿаԥшыларала еиҿкааз, ҟазшьала иҟәымшәышәыз, аҽынкылара змаз хаҵан. Иуаажәлар рҿы ҳаҭыр дуӡӡа иқәын. Иажәеи иуси нагӡан азы џьоукы аимак рыбжьаларгьы, усеилыргаҩыс иҽимардон", - еиҭеиҳәоит амаҭа.
Григори Сергеи-иԥа тәанчара данца, лассы-лассы ақыҭахь даауа далагеит. Иааӡон ашьха, аҩы бзиа ҭаиҭәон. Аџьа рылаиааӡон имаҭацәа. Аԥсшьарамшқәа раан ианизнеилак, иваргыланы инапы иадыруаз зегьы дирбон.
Даныршь ашьҭахь ахара иқәырхит: Хынтрыгә Ажьиба ихҭысыз
Григори Шәлымба игәы имӷьаӡо ахәрақәа анын. Ираамҭанымкәа рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа иԥацәа. Дара аҭаацәара алалара иахьымӡеит аҟнытә, иахьа Григори дуӡӡа ишьҭра ыӡит. Иԥҳа лҟынтәи имоу амаҭацәа Зураби Сергеи Бжьаниаа ракәын ԥсыс ихаз.
Григори Сергеи-иԥа Шәлымба ихааныз ауаа аиацәажәара мацара насыԥс ирԥхьаӡон. Уи иҭоурых нагӡаны издырар сҭахын, аха аамҭа иаратәы ҟанаҵоит, иҟалеит аҭаацәа иргәаламшәо, ирхашҭыз ахҭысқәа.
Иахьа ҳҳәынҭқарра шьақәзыргыло абиԥара ҿыц шеиҵагылазгьы, зегь акоуп шьҭахьҟа ҳхьамԥшыр ҟалаӡом. Урҭ аамҭақәа рфырхацәа роуп ҵәатәы шьаҟас ҳҭоурых иаҵагылоу.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Зыҵәҩаншьап мыӡыз: Мамсыр Аргәын ихылҵшьҭра рҭоурых
Аӡыхь ахы ыҵызхыз: аишьцәа Кьахьыраа Гагра ршьапы шадыркыз
Мықәаа рҭаацәара аҭоурых: ҩыџьа аицалацәа абиԥарак шыдмырӡыз