Шәача атуристцәа ршәарҭадаразы шаҟа лаҵа аҭаххо еилкаахеит

Иахьазы шәачатәи акурортқәа рҟны 30 алаҵаҟаҵарҭақәа аартуп, есыҽны иаадыртуеит аҭыԥ ҿыцқәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 1 - Sputnik. Нанҳәамзазы шәачатәи акурортқәа ирыдыркылоит 900 нызқьҩык атуристцәа, дара ршәарҭадаразы иаҭахуп 50 нызқь доза алаҵа, абри атәы аанацҳауеит Sochi24.tv.
COVID-19 аҟынтәи алаҵа змам аԥсшьаҩцәа ахараԥса ддыршәалоит Шәача
"Ԥхынгәы анҵәамҭазы алаҵа зманы Шәача иаҭааз аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара 40% инаӡеит. Ҳара ҳарбагақәа рыла аԥсшьаҩцәа рзы 50 нызқь доза алаҵа ҳҭаххоит", - абри атәы Telegram-канал аҿы иҩуеит Шәача ахада Алексеи Копаигородски.
Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара аминистрра иаҭаху ахыԥхьаӡара аашьҭра иазыхиоуп, иҳәеит иара.
Нанҳәа 1 инаркны асасцәа рыдыркылалоит аԥҟара ҿыцқәа рыла, уи инақәыршәаны Краснодартәи атәылаҿацә аотельқәеи асасааирҭақәеи рахь анеиразы  иаҭахуп иҵоурам ПЦР-тест, ма алаҵа шыҟаҵоу азы адокумент, ма ԥсшьара ианааиз инаркны хымш ирылагӡаны алаҵа ҟарҵароуп. 
Алаҵа ҟарҵаӡом 15 шықәса зхымҵыци 15 шықәса инаркны 18 шықәса зхыҵуеи ахәыҷқәа. 
Аԥҟарақәа ирыҵаркуеит асанаториақәа, апансионатқәа, асасааирҭақәа, ахатә ҩнқәа.