Аекономика аминистрра анефҭаалыҵқәа рыхәԥса аиҭакраз ажәалагала ҟанаҵеит

Аԥсны анефҭаалыҵқәа рыхәԥсазы аҵыхәтәантәи аиҭакра мҩаԥган рашәара 22 азы Аминистрцәа реилазаара ақәҵара инақәыршәаны.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Аԥсны аекономика аминистрра анефҭаалыҵқәа рыхәԥса аиҭакраз ажәалагала ҟанаҵеит. Абри атәы лҳәеит аԥыза-министр Александр Анқәаб иԥылараан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
Лара иазгәалҭеит Урыстәылатәи аџьармыкьаҿы аҭагылазаашьа шыуадаҩу, ахәқәа лаҟәып ҳәагьы шазԥхьагәаҭам.
Убри аан Аԥсны ахәқәа хылаԥшра азаҭом ахатәы аалыҵ ахьамам азы.
"Иахьазы иҟоу ахәԥсақәа нанҳәа-цәыббра раамҭазы иаҳзаанымкылар алшоит, абри азгәаҭаны аиҳабыра рахь ажәалагала ҟаҳҵеит анефҭаалыҵқәа рганахьала ахәԥсатә политика еиҭахәаԥшырц", - лҳәеит Озган.
Лара лажәақәа рыла, 2020 шықәса ԥхынҷкәынмза аахыс ахәқәа акыр ирыцлеит, ашықәс ҳанҭала аахыс 12% ихалеит. Иара убасгьы ԥхынгәымзазгьы аиҭакра ҟалеит, нанҳәатәи арбагақәа урҭ иреиԥшхаӡом лҳәеит аминистр, иахьазы аушьҭратә хәԥса аахәаратә аасҭа илаҟәуп.
Аԥсны аиҳабыра анефҭаалыҵқәа рыхәԥса иацырҵеит
Аминистр ргәы рҽанылҵеит арҭ ахҭысқәа зегьы ареспубликаҿы абылтәы азымхарахь инаргар шрылшо.
Ахәԥсақәа реиҭакразы ажәалагалақәа разырхиара иаҿуп.
Аԥыза-министр анапынҵа ҟаиҵеит аҭагылазаашьа аиҭакразы аилацәажәара мҩаԥгазарц.
Уаанӡа Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала Аекономика аминистрра анапы ианҵан абҵара 1 2021 шықәсанӡа анефҭаалыҵқәа роушьҭратә хәыԥсақәа рзы ақәҵара апроект азнархиарц.