Кьалашәыртәи астанциаҿы аӡымҩангага еиҭашьақәыргылоуп

Аҟәа ахәҭак ауааԥсыра мчыбжьык аҩнуҵҟа ӡыда иҟан Кьалашәыртәи аӡымҩангага амшцәгьа ианаҭаз ааха ашьҭахь.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 3 - Sputnik. Кьалашәыртәи аӡыҭгагатә станциаҿ аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуан. Урҭ заанаҵы ихыркәшоуп ҳәа аанацҳауеит Аҟәа ахадара, ЖКХ Адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Еиҭах амшцәгьа: Аԥсны илеиз ақәаршҩы ахҟьаԥҟьақәа
Иара иажәақәа рыла, аӡеизакырҭақәа дырҭәит, аӡы змамыз Занҭариаа аишьцәа рымҩеи, Ҷанба амҩеи, ақыҭақәа Баслаҭеи Ӡыгәҭеи, Турбаза ахәҭаки рҿы инхо ауаа ирзынарышьҭразы.
Аӡымҩангага ԥхынгәы 28 азы иҟаз амшцәгьа иқәнаӡәӡәеит. Аусурақәа ирылаган ԥхынгәы 29 рзы. Иарахьы уназго амҩагьы атехника ҷыдала аремонт азун.