Еиҭах амшцәгьа: Аԥсны илеиз ақәаршҩы ахҟьаԥҟьақәа

Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 26-27 ауыха Аԥсны ақәа ӷәӷәӷа леит, аӡқәа хыҵит, афымцатә шьаҟақәа ааха роуит. Аԥхасҭа ӷәӷәа рынаҭеит Аҟәа, Гәылрыԥшь, Гәдоуҭа, Очамчыра араионқәа руааԥсыра.

Аԥсны илеиз ақәыршҩы иахҟьаны Аԥсны аӡхыҵра ҟалеит. Амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа макьана еилкаам, аха иубаратәы иҟоуп ишыӷәӷәоу.

Гәдоуҭа араион 350 ҩны аӡқәа рыҩналеит. Аӡиасқәа Хыԥсҭеи Гәдоуи шьҭыҵит, иара убас шәарҭара змамыз аӡыҷҷақәа хыҵны идәықәлеит.

Аӡиасқәа Гәымсҭеи, Баслеи, Кьылашәыри ааха рнаҭеит Аҟәа ахәҭаки Гәылрыԥшь араиони ӡыла еиқәзыршәоз аӡыӡгагақәа.

АҶА аусзуҩцәа иааиԥмырҟьаӡакәа аус руеит амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0