Ахылаԥшра-ревизиатә усбарҭа аиҳабы 434 миллион мааҭ иҟоу аилагарақәа ахҳәаа риҭеит

Нанҳәа 5 рзы имҩаԥысыз аиҳабыра реилатәараҿы афинансқәа рминистр Владимир Делба иколлегацәа ирзеиҭеиҳәеит Ахылаԥшра-ревизиатә усбарҭа 2020 шықәсазтәи агәаҭарақәа рылҵшәа атәы. Иара иажәақәа рыла, иаарԥшын аилагарақәа 430 миллион мааҭ рыхә.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Аԥсны ахылаԥшра-ревизиатә усбарҭа аиҳабы Гиви Хәырхәмал аинформмаҵзура "Аԥсныпресс" иазеиҭеиҳәеит 2020 шықәсазы аусбарҭа имҩаԥнагаз агәаҭарақәа ртәи иаарԥшу аилагарақәа ртәи. Иара иазгәеиҭеит ари агәаҭара ишаҵанакуаз 2018 - 2019 шықәсқәа рзтәи аамҭа.
2020 шықәсазы имҩаԥган 27 обиект ргәаҭара:
Агәаҭара ишьақәнаргылеит анефҭаалыҵ азымхара 4 204 837,00 кг, азеиԥш хәыԥса – 202 029,0 нызқь мааҭ - Аԥсны Атәылауаҩратә закәанеидкыла (11.06.2008 ш. № 2063-сIV) ахәҭаҷ 878 аилагара;
Агәаҭаратә уснагӡатәқәа ишьақәдыргылеит афинанстә еилагарақәа 2 564,3 нызқь мааҭ рыла. Ахыбра зтәызи аӡбарҭеи рыбжьара аилаӡара ыҟамкәа, ахыбра ахышәаҵышәа азгәамҭакәа аремонт ҟаҵан  2564,3 нызқь мааҭ рыхә Аиҳабыра ррезервтә фонд аҟынтәи, ихықәкым аилагара азгәаҭан. Уи адагьы Гәдоуҭеи, Аҟәеи, Тҟәарчали, Гали араионтә ӡбарҭақәа ахьыҩноу ахыбрақәа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа абаланс иарбаӡам. Иҟаӡам ахыбра зтәуи дареи рыбжьара аилаӡара;
Ара иаарԥшын афинанстә еилагарақәа 58 274, 4 нызқь мааҭ рыхә: хықәкыладатәи ахархәара – 987,8 нызқь; абиуџьеттәии ибиуџьеттәыми аԥарақәа храда рхархәара – 29 873,6 нызқь; аҳасабеилыргаратә ҭаҩраҿы азакәан аилагара – 25 097,2 нызқь мааҭ;
Ара иаарԥшын аилагарақәа – 19 773,4 нызқь рыхә: абиуџьеттәии ибиуџьеттәыми  аԥарақәа хықәкылада рхархәара – 4 278,8 нызқь; абиуџьеттәии ибиуџьеттәыми  аԥарақәа храда ахрархәара– 610,0 нызқь; аҳасабеилыргаратә ҭаҩраҿы азакәан аилагара– 14 078,6 нызқь.; ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы азакәан аилагара – 806 нызқь мааҭ.
Ара иаарԥшын аилагарақәа – 37 157,3 нызқь рыхә: аԥгаԥсатә лагалақәеи абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рахь  ауалқәеи – 34 257 нызқь мааҭ абрахь иналаҵаны;
Агәаҭара иаанарԥшит афинанстә усура аилагарақәа 114 840,9 нызқь мааҭ рыхә: ашәахтәқәеи аизгақәеи рзакәан аилагара – 6 823,2 нызқь, аҳасабеилыргаратә ҭаҩра аилагарақәа – 17 783 нызқь абрахь иналаҵаны.
Иааидкыланы иаарԥшын абиуџьеттә  системаҿы аилагарақәа 434 639 миллион мааҭ рыхә.
Арахь иаҵанакуеит: абиуџьеттәии ибиуџьеттәыми аԥарақәа хықәкылада рныхра – 14,5 млн мааҭ; абиуџьеттәии ибиуџьеттәыми аԥарақәа храда рныхра – 33,2 млн мааҭ; ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы азакәан аилагара – 44,8 млн мааҭ; аҳасабеилыргаратә ҭаҩраз азакәан аилагара – 57 млн мааҭ; аҳәынҭқарратә мазара ахархәараан аилагарақәа – 2,3 млн мааҭ; егьырҭ аилагарақәа – 283 млн мааҭ, урҭ рҟынтәи 202 миллион мааҭ макьана ишьақәдыргылоит.
Ара убасгьы арҭ ауснагӡатәқәа раан ифинанстәым аилагарақәагьы аарԥшын.
Агәаҭарақәа рылкаақәа инарықәыршәаны аилагаҩцәа рганахьала абиуџьеттә қәымчра мҩаԥгахоит.
Аԥсны Ахылаԥшра-ревизиатә усбарҭа аиҳабы Гиви Хәырхәмал иажәақәа рыла, игәарҭоз аобиектқәа рнапхгаҩцәа ирзынашьҭын зынагӡара хымԥадатәиу 19 ус, ианынагӡатәу аамҭа арбаны, ахылаԥшратә  уснагӡатәқәа рылҵшәақәа инарықәыршәаны ирыдыркылаша аусмҩаԥгатәқәа арбаны.