Ахылаԥшра-ревизиатә усбарҭа аиҳабы 434 миллион мааҭ иҟоу аилагарақәа ахҳәаа риҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет Министров Абхазии
Кабинет Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2021
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 5 рзы имҩаԥысыз аиҳабыра реилатәараҿы афинансқәа рминистр Владимир Делба иколлегацәа ирзеиҭеиҳәеит Ахылаԥшра-ревизиатә усбарҭа 2020 шықәсазтәи агәаҭарақәа рылҵшәа атәы. Иара иажәақәа рыла, иаарԥшын аилагарақәа 430 миллион мааҭ рыхә.
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Аԥсны ахылаԥшра-ревизиатә усбарҭа аиҳабы Гиви Хәырхәмал аинформмаҵзура "Аԥсныпресс" иазеиҭеиҳәеит 2020 шықәсазы аусбарҭа имҩаԥнагаз агәаҭарақәа ртәи иаарԥшу аилагарақәа ртәи. Иара иазгәеиҭеит ари агәаҭара ишаҵанакуаз 2018 - 2019 шықәсқәа рзтәи аамҭа.
2020 шықәсазы имҩаԥган 27 обиект ргәаҭара:
  • Аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныбылтәы" ИАЕ "РН-Абхазия" аҿаԥхьа иақәу ауали (2018 ш. лаҵара – 2019 ш. ԥхынҷкәын) ари афакт аилахәыра аҳасабеилыргаратә ҳасабырба ишаныԥшуеи:
Агәаҭара ишьақәнаргылеит анефҭаалыҵ азымхара 4 204 837,00 кг, азеиԥш хәыԥса – 202 029,0 нызқь мааҭ - Аԥсны Атәылауаҩратә закәанеидкыла (11.06.2008 ш. № 2063-сIV) ахәҭаҷ 878 аилагара;
  • Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа абиуџьеттә ԥарақәа хықәкыла рхархәара. Агәаҭаратә уснагӡатәқәа ирыҵаркит – Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа, Арратә ӡбарҭа, Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа, Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рыӡбарҭақәа. Игәарҭоз аамҭа: 2018 - 2019 шш.
Агәаҭаратә уснагӡатәқәа ишьақәдыргылеит афинанстә еилагарақәа 2 564,3 нызқь мааҭ рыла. Ахыбра зтәызи аӡбарҭеи рыбжьара аилаӡара ыҟамкәа, ахыбра ахышәаҵышәа азгәамҭакәа аремонт ҟаҵан  2564,3 нызқь мааҭ рыхә Аиҳабыра ррезервтә фонд аҟынтәи, ихықәкым аилагара азгәаҭан. Уи адагьы Гәдоуҭеи, Аҟәеи, Тҟәарчали, Гали араионтә ӡбарҭақәа ахьыҩноу ахыбрақәа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа абаланс иарбаӡам. Иҟаӡам ахыбра зтәуи дареи рыбжьара аилаӡара;
  • 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа абиуџьетнҭыҵтәи рфонд (агәаҭара аамҭа 2019 ш.) афинанстә усура агәаҭара.
Ара иаарԥшын афинанстә еилагарақәа 58 274, 4 нызқь мааҭ рыхә: хықәкыладатәи ахархәара – 987,8 нызқь; абиуџьеттәии ибиуџьеттәыми аԥарақәа храда рхархәара – 29 873,6 нызқь; аҳасабеилыргаратә ҭаҩраҿы азакәан аилагара – 25 097,2 нызқь мааҭ;
  • Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы иазоужьу аԥарақәа рхархәашьа (агәаҭара аамҭа 2018, 2019 шш. 2020 ш. аԥхьатәи азбжа).
Ара иаарԥшын аилагарақәа – 19 773,4 нызқь рыхә: абиуџьеттәии ибиуџьеттәыми  аԥарақәа хықәкылада рхархәара – 4 278,8 нызқь; абиуџьеттәии ибиуџьеттәыми  аԥарақәа храда ахрархәара– 610,0 нызқь; аҳасабеилыргаратә ҭаҩраҿы азакәан аилагара– 14 078,6 нызқь.; ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы азакәан аилагара – 806 нызқь мааҭ.
  • Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥсныеихамҩа"  афинанстә усура агәаҭара (агәаҭара аамҭа 2018, 2019 шш., 2020 ш. аԥхьатәи азыбжа).
Ара иаарԥшын аилагарақәа – 37 157,3 нызқь рыхә: аԥгаԥсатә лагалақәеи абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рахь  ауалқәеи – 34 257 нызқь мааҭ абрахь иналаҵаны;
  • Аԥсны акультура аминистрра афинанстә усура агәаҭара: агәаҭара иаҵанакит аобиектқәа – Аԥсны акультура аминистрра Аппарат; аҳәынҭусбарҭақәа: "Р.Д. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа", "С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр", "И.Г. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека", "Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭа", "Аҳәынҭқарратә Аурыс драматә театр", "Аԥсны Аҳәынҭқарратә акамертә оркестр",  "Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла", "К.Т. Ҭарба ихьӡ зху Жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә ансамбль "Кавказ", "Е. Бебиа ихьӡ зху  аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Шьараҭын", "Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи аҳәынҭқарратә жәлар рансамбль" (агәаҭара аамҭа 2018, 2019 шш., 2020 ш. аԥхьатәи азбжа).  
Агәаҭара иаанарԥшит афинанстә усура аилагарақәа 114 840,9 нызқь мааҭ рыхә: ашәахтәқәеи аизгақәеи рзакәан аилагара – 6 823,2 нызқь, аҳасабеилыргаратә ҭаҩра аилагарақәа – 17 783 нызқь абрахь иналаҵаны.
Иааидкыланы иаарԥшын абиуџьеттә  системаҿы аилагарақәа 434 639 миллион мааҭ рыхә.
Арахь иаҵанакуеит: абиуџьеттәии ибиуџьеттәыми аԥарақәа хықәкылада рныхра – 14,5 млн мааҭ; абиуџьеттәии ибиуџьеттәыми аԥарақәа храда рныхра – 33,2 млн мааҭ; ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы азакәан аилагара – 44,8 млн мааҭ; аҳасабеилыргаратә ҭаҩраз азакәан аилагара – 57 млн мааҭ; аҳәынҭқарратә мазара ахархәараан аилагарақәа – 2,3 млн мааҭ; егьырҭ аилагарақәа – 283 млн мааҭ, урҭ рҟынтәи 202 миллион мааҭ макьана ишьақәдыргылоит.
Ара убасгьы арҭ ауснагӡатәқәа раан ифинанстәым аилагарақәагьы аарԥшын.
Агәаҭарақәа рылкаақәа инарықәыршәаны аилагаҩцәа рганахьала абиуџьеттә қәымчра мҩаԥгахоит.
Аԥсны Ахылаԥшра-ревизиатә усбарҭа аиҳабы Гиви Хәырхәмал иажәақәа рыла, игәарҭоз аобиектқәа рнапхгаҩцәа ирзынашьҭын зынагӡара хымԥадатәиу 19 ус, ианынагӡатәу аамҭа арбаны, ахылаԥшратә  уснагӡатәқәа рылҵшәақәа инарықәыршәаны ирыдыркылаша аусмҩаԥгатәқәа арбаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0