АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа акьыбачымазаратә центр амедусзуҩцәа Лев Аргәын, Нелли Лагәлааԥҳа, Лариса Кәакәасқьырԥҳа рганахьала аус ахацыркразы аӡбамҭа шыҟоу иааннажьит ҳәа аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.
Ашшыԥхьыӡ налышьҭит Ҭаниа М.Г., Нелли Лагәлааԥҳа линтересқәа зыхьчо. Лара аус ахацыркраан иҟаз агхақәа аԥыхзарц адҵа ҟалҵеит.
Лев Аргәын, Нелли Лагәлааԥҳа, Лариса Кәакәасқьырԥҳа ахара рыдырҵоит Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 157 ахәҭа 4 (атәым мазара аӷьычра амаҵзуратә ҭагылазаашьа ахархәарала) инақәыршәаны имҩаԥыргаз ацәгьоуразы: акьыбачымазара змаз рпациентцәа рыхәшәқәа хыԥхьаӡара рацәала иртәыртәуан.
Аԥсны Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр амедусзуҩцәа акьыбачымазара зыхьуа хәшәыла реиқәыршәаразы 2004 шықәса раахыс аус зуа Аҳәынҭқарратә программа инақәыршәаны ахимиа-гормонтә хәшәқәа роураан ачымазцәа рамбулатортә картақәеи амедицинатә маҵзура ахәԥсашәаратә реестри рҿы имцыз адыррақәа анырҵон апациентцәа ахимиатерапиа иахысуазшәа, иара убри алагьы аҳәынҭқарра абиуџьет аԥхасҭа ду аҭан.
Иазгәаҭоуп заанаҵтәи аусҭҵаара ишаҵанакуа 2017 - 2021 шықәсқәа рызтәи Аҳәынҭқарратә программа амҩаԥысшьа.
Ԥхынгәы 7 азы Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа Аԥсны Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр ҽынлатәи астационар аиҳабы Нелли Лагәлааԥҳа аҩнытә рбаандаҩра лықәнаҵеит мызки 22 мши ҳәа.
Уаанӡа ҩымз-ҩымз ҳәа аҩынтәы рбаандаҩра рыҭан амедусҳәарҭа аҳақьым хада Лев Аргәыни ахимиатерапиа аҟәша амедиаҳәшьа Лариса Кәакәасқьырԥҳаи.