00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:30
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Акреативтә индустриа атәыла аекономикаҿы алагала: Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы лцәажәара
13:04
3 мин
Аицәажәара
Аекономикатә форум иҭагӡаны анапҟазацәа рцәыргақәҵа еиҿкаауп Аҟәа: алахәыла ицәажәара
13:07
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аҵыҵындра сынтәатәи аҽаҩра ианазыԥшу: аарыхҩы ицәажәара
13:45
17 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Гал аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа рзы аԥышәеизарҳаратә курсқәа: алахәыла ицәажәара
14:02
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Главный четверг
Инвестпроекты и ЖКХ: интервью с заместителем главы Очамчырского района
14:18
26 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
On air
14:44
2 мин
Актуальный комментарий
On air
14:46
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Акьыбачымазаратә центр амедусзуҩцәа рганахь ала аус аӡбамҭа шыҟоу иааннажьит аӡбарҭа

© Sputnik / Томас тхайцукСудейский молоток
Судейский молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.08.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр аҳақьымцәа харас ирыдырҵоит акьыбачымазара змаз рпациентцәа рыхәшәқәа хыԥхьаӡара рацәала ирыҵарӷьычуан ҳәа.
АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа акьыбачымазаратә центр амедусзуҩцәа Лев Аргәын, Нелли Лагәлааԥҳа, Лариса Кәакәасқьырԥҳа рганахьала аус ахацыркразы аӡбамҭа шыҟоу иааннажьит ҳәа аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.
Ашшыԥхьыӡ налышьҭит Ҭаниа М.Г., Нелли Лагәлааԥҳа линтересқәа зыхьчо. Лара аус ахацыркраан иҟаз агхақәа аԥыхзарц адҵа ҟалҵеит.
Лев Аргәын, Нелли Лагәлааԥҳа, Лариса Кәакәасқьырԥҳа ахара рыдырҵоит Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 157 ахәҭа 4 (атәым мазара аӷьычра амаҵзуратә ҭагылазаашьа ахархәарала) инақәыршәаны имҩаԥыргаз ацәгьоуразы: акьыбачымазара змаз рпациентцәа рыхәшәқәа хыԥхьаӡара рацәала иртәыртәуан.
Аԥсны Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр амедусзуҩцәа акьыбачымазара зыхьуа хәшәыла реиқәыршәаразы 2004 шықәса раахыс аус зуа Аҳәынҭқарратә программа инақәыршәаны ахимиа-гормонтә хәшәқәа роураан ачымазцәа рамбулатортә картақәеи амедицинатә маҵзура ахәԥсашәаратә реестри рҿы имцыз адыррақәа анырҵон апациентцәа ахимиатерапиа иахысуазшәа, иара убри алагьы аҳәынҭқарра абиуџьет аԥхасҭа ду аҭан.
Иазгәаҭоуп заанаҵтәи аусҭҵаара ишаҵанакуа 2017 - 2021 шықәсқәа рызтәи Аҳәынҭқарратә программа амҩаԥысшьа.
Ԥхынгәы 7 азы  Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа Аԥсны Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр ҽынлатәи астационар аиҳабы Нелли Лагәлааԥҳа аҩнытә рбаандаҩра лықәнаҵеит мызки 22 мши ҳәа.
Уаанӡа ҩымз-ҩымз ҳәа аҩынтәы рбаандаҩра рыҭан амедусҳәарҭа аҳақьым хада Лев Аргәыни ахимиатерапиа аҟәша амедиаҳәшьа Лариса Кәакәасқьырԥҳаи.
Ажәабжьқәа зегьы
0