Гагра цәыббрамзатәи аԥсшьарамшқәа раан ацара ахьалыркаауа аҭыԥқәа 10 рхыԥхьаӡараҿы иҟалеит

Цәыббрамзатәи аԥсшьарамшқәа раан уцар ахьыҟало аҭыԥқәа алнакааит амаҵзура TVIL.RU.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 11- Sputnik. Аԥснытәи акурорттә қалақь Гагра цәыббрамзатәи аԥсшьарамшқәа раан ацара ахьалыркаауа аҭыԥқәа 10 рхыԥхьаӡараҿы иҟалеит. Абри атәы аанацҳауеит TVIL.RU.
Зегь раасҭа иалырхуа ахырхарҭақәа иреиуоуп: Севастополь, Москва, Санкт-Петербург, Калининград.
Амаҵзура астатистика ала атуристцәа абри аамҭазтәи аԥсшьарамшқәа раан иазыхиоуп уахыки-ҽнаки 2 - 5 нызқь мааҭ аԥара аныхра. Зегь раасҭа ахәқәа лаҟәуп Анапа, иҳаракуп – Карелиа.
Цәыббрамзатәи аԥсшьарамшқәа раантәи ахырхарҭақәа жәаба:
*Аотельқәа рҿы ибжьаратәу уахыктәи ахәԥса.
Асиа шьақәыргылоуп 2021 шықәсазтәи заанаҵтәи аҿаҵатәқәа рдыррала.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: