Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭа амедусзуҩцәа реиҳараҩык алаҵа ҟарҵеит

Ахаша, нанҳәа 11 азы Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Тҟәарчалтәи араионтә хәшәтәырҭа даҭааит, "ацәаҳәа ҟаԥшь" ахь днеиит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik. Акоронавирус аҟынтәи алаҵа ҟарҵеит Тҟәарчалтәи араионтә хәшәтәырҭа амедусзуҩцәа, абри атәы аминистр изеиҭалҳәеит ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Лали Гаргәылиаԥҳа, аанацҳауеит Аԥсныпресс.
Арадио
Матуаԥҳа еиҭалҳәеит алаҵа "Спутник Лайт" ззырхоу, изнымаало
Гаргәылиаԥҳа лажәақәа рыла, алаҵазы уадаҩра ыҟаӡам. Аҳақьымцәа ирдыруеит алаҵа шыҟаҵатәу. Иахьа мацара "Спутник Лайт" ааҩык иҟарҵеит араион аҿы.
"Ҩыџьа атерапевтцәа ирыдыркылоит апациентцәа ҩ-кабинетк рҿы. Атәылауаа азеиԥшклиникатәии абиохимиатәии анализқәа арҭоит, иаҭахны иҟазар аелектрокардиографиа ҟарҵоит. Алаҵа ҟазҵар зҭаху рацәоуп. Уаҵәазгьы асиа ҳархиахьеит", - лҳәоит аҳақьым хада.
Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭа Аԥсны егьырҭ ахәшәтәырҭақәа реиԥш Гәдоуҭатәи аковидтә центр ахь амедусзуҩцәа рыбригада нанашьҭуеит. Ахәышәтәырҭа хәшәыла еиқәыршәоуп, ирымамыз аҵәыҵәри концентратор ауп. Уи иахьа  Едуард Быҭәба ирызнеигеит.
Акоронавирус аҟынтәи алаҵаҟаҵара Аԥсны ихацыркын лаҵара 11 рзы "Sputnik V" ала, еиҭахацыркхеит нанҳәа 10 инаркны "Спутник Лаит" ала.