Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Матуаԥҳа еиҭалҳәеит алаҵа "Спутник Лайт" ззырхоу, изнымаало

© SputnikАлиса Матуа
Алиса Матуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2021
Анапаҵаҩра
Ачымазараҿкы COVID-19 аҟынтәи аҽыхьчагатә лаҵа "Спутник Лайт" ззырхоу, уи знымаало атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аԥышәаратә патологиеи атерапиеи рыҭҵаарадырратә институт аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аиммунологиеи авирусологиеи рлабораториа аиҳабы Алиса Матуаԥҳа.
Матуаԥҳа еиҭалҳәеит алаҵа "Спутник Лаит" ззырхоу, изнымаало
"Ачымазараҿкы аҟынтәи аҽыхьчагатә лаҵа "Спутник Лайт" шьақәгылоуп "Спутник-V" актәи ахәҭала. Уи анулоуҵалак ашьҭахь 28-тәи амш азы 85 процент рҟынӡа алҵшәа бзиа аанарԥшуеит. Уи ҟазҵаз ауаҩы иҟны атәым цәеижьҿагылақәа ҟаларгьы иҟамларгьы дацәыхьчахоит иԥсабаратәу авирус, ихьанҭаны иҿио ачымазарагьы. "Спутник Лайт" алҵшәа бзиақәа аанарԥшуеит егьырҭ ирҿырԥшны "Спутник-V" алаҳамҵозар, уи 99 процент рҟынӡа инаӡоит", - лҳәеит Матуаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит "Спутник Лайт" еиҳарак иззырхоу ачымазара ҿкы зхызгахьоу ауаа шракәу. Алаҵа рзыҟарҵом ахәыҷқәа, зцәа зтәым аҳәса, аинфекциа уажәы излаҽны иҟоу, акьыба чымазара змоу, аллергиа, аиммунозымхара змоу. Алаҵа хадаратәны иҟарҵароуп ашьақарчмазара змоу, агәы, ашьа-ада ачымазара иаргәамҵуа, амала уи азы агәаҭарақәа заанаҵы ирхысроуп.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0