Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҷыҭанаа Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҿиаразы ахықәкытә программа иазкны

Аҟәа араион ахадара ақыҭанхамҩа аҿиаразы ахықәкытә программа нанагӡоит. Иаҵанакуазеи ари апроект, зҽалазырхәырц зылшо ауааԥсыра алызхуада, насгьы шаҟа ԥара азоужьхозеи, абри атәы арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа.
Sputnik
"Ҳазҭоу ашықәс абиуџьет аҿы иарбан ақыҭанхамҩазы 4 миллион мааҭ. Ҳгәы иҭоуп араион аҿы инхо гектарк еиҳамкәа адгьыл змоу ашәырҵлақәа, ацитрус ааӡара ахырхарҭала ҳхы азышьҭны апроектқәа рынагӡара. Иаԥҵоуп акомиссиа, урҭ алахәылацәа шьақәыргылоуп. Апроект алагаларазы иаҭахуп анхаҩы иҟынтә иҳадигало аиҭаҳатә адгьыл ишанаало атәы зҳәо ашәҟәы, иара адгьыл иара ишихатәу, мамзаргьы қьырала ишимоу, ауал шиқәым аҳәынҭқарра аҿаԥхьа уҳәа азҵаарақәа зегьы рҭак ҟазҵаз ипроект шьақәырӷәӷәахоит. Апроект алахәхаразы уамак ақьаад рацәа аизгара аҭахым, доусы илшаратә иҟоуп. Араион дузаргьы, уамак ирацәаны ауааԥсыра нхаӡом, адгьыл иқәаарыхуа, иаразнак думбар залшом", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҷыҭанаа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ақыҭанхамҩа аҿиаразы ахықәкытә программа Аҟәа араион аҿы ихацыркхеит