Амшынеиқәатә флот аҟәшақәа Аԥсны акоронавирус аԥырҟәҟәара иацхраауеит

Аррамаҵзурауаа 800 километр инеиҳаны иахысны штаттә техникала Аԥсныҟа иаараны иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 16 - Sputnik. Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы ҩаԥхьа амҩа иқәлеит ҳәа аанацҳауеит Амшынеиқәатә флот аинформациатә еиқәыршәара аҟәша.
Урыстәылантәи Аԥсныҟа амҩа иқәлеит COVID-19 змоу ачымазцәа рыхәшәтәразы амобилтә госпиталь
10 автомашьынаки 30-ҩык аҟазауааи рыла еиҿкаау Амшынеиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа реишьҭагыла Ҟрымтәи адгьылбжьахаҟынтәи Аԥсныҟа иаауеит 800 километр ирхысны. Дара арахь амҩа иқәҵоуп
Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу иӡбрала атәыла анапхгара иҟарҵаз аҳәара ашьҭахь.
Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа аамҭалатәи автопарки арзҩыдара мҩаԥызго атехника аус адуларҭа ҷыда аҭыԥи еиҿыркаауеит. Нас, Аԥсны амедицинатә усзуҩцәеи дареи ахәшьара арҭоит иҟаҵатәны иҟоу аусурақәа рымҽхак, арзҩыдаратә уснагӡатәқәа ирылагоит.
Уаанӡа, Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа аҟынтәи акоронавирус аламырҵәаразы Аԥсны иааны ауснагӡатәқәа мҩаԥнагеит мшаԥымза 2020 шықәсазы.