Урыстәылантәи Аԥсныҟа амҩа иқәлеит COVID-19 змоу ачымазцәа рыхәшәтәразы амобилтә госпиталь

© Sputnik / Марианна Кубрава Мобильный госпиталь Айтар
Мобильный госпиталь Айтар  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭуа хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аилазаараҟны иҟоуп шәҩык рҟынӡа амедусзуҩцәеи 30 ак арратә техникеи.
АҞӘА, нанҳәа 16 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсны аиҳабыра иҟарҵаз аҳәарала 100 иара-ҭыԥ змоу амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәнаҵеит аҿкчымазара змоу рыхәшәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
Мобильный госпиталь Айтар  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2021
Еилкаахеит урыстәылатәи амобилтә госпиталь ахьыҟало аҭыԥ
Аладатәи арратә округ агоспиталь амашьынақәа реишьҭагыла Ставропольтәи атәылаҿацә Буденновск ақалақь аҟынтә 800-километра амҩа иахысны Аԥсныҟа иаауеит.
Агоспиталь апансионат "Аиҭар" аҵакыраҿы игылоит.
Амобилтә хырхарҭарацәалатәи агоспиталь адәынтәи амедицинатә еиҿкаароуп, акоронавирустә инфекциа змоу рыхәшәтәра иазырхоуп. 
Араҟа ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.
2020 шықәса жьҭаара 20 рзы Аԥсны аусура иалагеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра арратә мобилтә госпиталь. 2021 шықәса хәажәкыра 1 азы Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны амедицинатә цхыраара анымҩаԥнага ашьҭахь есымшатәи агыларҭахь ихынҳәит. Аԥсны иахьынӡаҟаз аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьи быжьшәҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, амбулатортә дкылара рыҭан 3,3 нызқьҩык, астационартә – 450-ҩык рҟынӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0