Аԥсны нанҳәамза анҵәамҭазы еиҳа зыхә лаҟәу аԥсшьарҭа ҭыԥқәа иалкаау хԥа рыбжьара иҟоуп

Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа аналитикатә маҵзура урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии акурортқәа рҟны ахәԥсақәа ирхылаԥшуеит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 16 - Sputnik. Аԥсны нанҳәамза анҵәамҭазы еиҳа зыхә лаҟәу аԥсшьарҭа ҭыԥқәа иалкаау хԥа рыбжьара иҟоуп. Убри аан ареспубликаҿ аҵыхәтәантәи аҩымчыбжь рыла 24% иацлеит ҳәа аҩуеит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа.
Аԥсныҟа атурқәа ҩыџьа жәа-уахык раамҭала аԥсшьара 48,7 нызқьмааҭ ҳәа аахәара уадаҩхеит. Нанҳәа алагамҭаз 39,3 нызқьмааҭ иаԥсан.
Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа аналитикцәа ҩымчыбжь рахь знык аҭҵаарақәа мҩаԥыргоит.
Аналитикцәа еилыркаауан апандемиаа аамҭаз урыстәылауаа аԥсшьараз шаҟаҩы Аԥсны алырхыз
Аԥсны аасҭа еиҳа имарианы аԥсшьара алшоит Краснодартәи атәылаҿацә: Анапеи Шәачеи. Арҭ аҭыԥқәа рҿы жәа-уахык аԥсшьара, акрыфара, амҩахә азы ҩыџьа 34,7 – 36,3 нызқьмааҭ иартәоит.
Краснодартәи атәылаҿацә аҿы апакеттә ԥсшьара абжьара хәыԥса нанҳәа аҩбатәи азыбжазы рыхәқәа лаҟәит.
Ҟрым, алаҵаҟаҵаразы асертификат ахьаҭаху –  ахәԥсақәа 16 000 мааҭ ихалеит (46%). Уажәы 52,2 нызқьмааҭ еиҵоу атур уоуӡом.
Зегь раасҭа аҳәаанырцәтәи ахырхарҭаҿы ахәԥсақәа лаҟәуп Ҭырқәтәыла. Ҩыџьа рзы атур 54,9 нызқьмааҭ иаԥсоуп.
Аҩбатәи аҭыԥ ааныркылоит Арабтәи Аемиратқәа. Нанҳәа 16-20 рзы ҩыџьа жәамштәи рыԥсшьара 75,9 нызқь мааҭ иаԥсоуп.
Ахԥатәии аԥшьбатәии аҭыԥқәа ныркылоит  – Болгариа, Марокко. Анаҩс – Египет, Албаниа, Хорватиа, Бырзентәыла.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥснытәи ақалақь "акадифаамҭаз" аԥсшьара ахьалырхуа аҭыԥқәа ирхыԥхьаӡалоуп