"Талибан" афгантәи аҳҭнықалақь анапахьы иагеит. Аҳәынҭқарра ахада Ашраф Гани инапынҵақәа шьҭаҵаны атәыла далҵит. Мчыбжьқәак рыҩнуҵҟала аиҿкаара иалшеит атәыла ахы инаркны аҵыхәанӡа анапаҿы аагара.
"Аполитикатә наукаҿы иҟоуп аилкаара "изышьақәымгылаз аҳәынҭқаррақәа" ҳәа. Абар шьҭа шәышықәса ҵуеит, аха ари атәыла шықәсқәак ирыдамхаргьы иҭәышәынтәаланы изыҟамлеит. Уа иҟан Британиа Ду жәашықәсала, анаҩс дара рхала еибашьуан. Афганистан хыԥхьаӡара рацәала еиуеиԥшым ажәлар ахьынхо тәылоуп. Еиҭа инеит Асовет еидгыла, уа Аԥснынтә аҷкәынцәагьы имаҷымкәа иҭахеит. Анаҩс инеит америкаа, аха аҭышәынтәалара ҟамлеит. Ари зегь реиҳа ирыцҳау ҳәынҭқарроуп… Аталибцәа еибашьцәоуп, аха аҳәынҭқарра анапхгара аганахьала зынӡа аԥышәа ҳәа акгьы рымаӡам, уимоу иагьырымбацт. Дара рнапаҿы инаргеит амчра, аха иабанӡаҭынчзаауеи атәылаҿы аҭагылазаашьа. Урыстәыла ирацәажәоит, аха макьана дара рхаҭа рхы шымҩаԥырго аӡәгьы издырӡом. Рхы бзиан иаадырԥшыр, Урыстәылеи Китаии ацхыраара рырҭоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳагба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Талибан" аҳәамҭа ҟанаҵеит Афганистан 20-шықәсатәи аибашьра шхыркәшахаз азы