https://sputnik-abkhazia.info/20210816/Taliban-aama-anaeit-Afganistan-20-shysati-aibashra-shkhyrkshakhaz-azy-1033043341.html
"Талибан" аҳәамҭа ҟанаҵеит Афганистан 20-шықәсатәи аибашьра шхыркәшахаз азы
"Талибан" аҳәамҭа ҟанаҵеит Афганистан 20-шықәсатәи аибашьра шхыркәшахаз азы
Sputnik Аҧсны
"Талибан" афгантәи аҳҭнықалақь анапахьы иагеит. Аҳәынҭқарра ахада Ашраф Гани инапынҵақәа шьҭаҵаны атәыла далҵит. 16.08.2021, Sputnik Аҧсны
2021-08-16T19:18+0300
2021-08-16T19:18+0300
2021-08-16T19:14+0300
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/0f/1033041881_0:59:3164:1849_1920x0_80_0_0_f29b048a78ab47f6a53a87a7be4022b0.jpg
АҞӘА, нанҳәа 16 - Sputnik. Аиҿкаара "Талибан" аполитикатә офис аофициалтә хаҭарнак Мухаммед Наим иҳәеит Афганистан аибашьра еилгеит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.Наим Афганистан ауааԥсыреи аҳәаанырцәтәи адипломатцәеи ашәарҭара иҭагылам ҳәа азгәеиҭеит. Иара иажәақәа рыла аталибцәа азыхиоуп аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара.Иара убас, "Талибан" аиҿцәажәара ахархәарала аҭынчра иазыхиоуп ҳәа азгәеиҭеит.Амҽыша "Талибан" афгантәи аҳҭнықалақь анапахьы иагеит. Атәыла ахада Ашраф Гани инапынҵақәа шьҭаҵаны атәыла далҵит, анаҩс аҭагылазашьа еицәеимтәырц.Афганистан ахада ихаҭыԥуаҩ Амрулла Салех сыжәлар рҿы сыҟазаауеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.Уаанӡа иара иҳәахьан ахаан "Талибан" аибашьцәа дышрымҵамхырхәо азы."Сыдгьыл аҿы, сыжәлар рҿы сыҟазаауеит. Аиашара сақәгәыӷуеит", -ҳәа иҩуеит Салех Twitter аҿы.Al Jazeera Arabic is airing what is says is live video of Taliban fighters inside the presidential palace in Kabul pic.twitter.com/IGKwwnqQQH"Талибан" анапхгара британиатәи агазеҭ Times аинтервиу арҭеит амчра рнапахьы ишаарго, аиҭакратә еиҳабыра аиҿкаара ишақәшаҳаҭым. Убри аан Катар иҟоу аполитофис ахаҭарнак Сухеиль Шахин аҳәамҭа ҟаиҵеит Афганистан аиҳабыра иалахәхо "Талибан" иаламыз шракәхо.Иара убасгьы "Талибан" аполитофис ахаҭарнак иҳәеит ар, аполициа рҿы амаҵ зуа аталибцәа ирыдгылан рабџьар шьҭарҵар, ԥырхага шырмоуа. Урҭ рыхьӡқәа иҷыдоу асиа ианҵаны арезервтә мчрақәа ирыҵакхоит."Талибан" аибашьцәа адҵа рыҭоуп аҭынч уааԥсыра ирыламкьысырц иҳәеит Сухеиль Шахин.Уаанӡа аталибцәа аҳәамҭа ҟарҵахьан ршьа шырымуа азы, аҵаратә усҳәарҭақәа русура ишаԥырхагамхо азы. Афганистан ауааԥсыреи аҳәаанырцәтәи адипломатцәеи ашәарҭара иҭагылам ҳәа азгәарҭон.60 тәыла рҟынӡа аҳәамҭа ҟарҵеит аҳәаанырцәуаа Афганистан шәарҭарада ралгара аус еиҿкаазарц.Аталибцәа ржәыларақәа мҩаԥысуан ЕААи урҭ НАТО ала рыдгылаҩцәеи рыр алгараан. Ар ралгара Урыстәыла мраҭашәаратәи арра-политикатә миссиа амчыдароуп ҳәа ахнаҳәааит.Мчыбжьқәак рыҩныҵҟала аиҿкаара иалшеит атәыла ахы инаркны аҵыхәанӡа анапаҿы аагара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/0f/1033041881_0:0:3164:1988_1920x0_80_0_0_46935c98c14e2613b5443fcff4c62d87.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
"Талибан" аҳәамҭа ҟанаҵеит Афганистан 20-шықәсатәи аибашьра шхыркәшахаз азы
"Талибан" афгантәи аҳҭнықалақь анапахьы иагеит. Аҳәынҭқарра ахада Ашраф Гани инапынҵақәа шьҭаҵаны атәыла далҵит.
АҞӘА, нанҳәа 16 - Sputnik. Аиҿкаара "Талибан" аполитикатә офис аофициалтә хаҭарнак Мухаммед Наим иҳәеит Афганистан аибашьра еилгеит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит
РИА Новости.
"20 шықәса раԥхьа ахы зкыз аибашьра ҳалгеит ", - иҳәеит иара ателеканал "Аль-Джазира" аефир аҿы.
Наим Афганистан ауааԥсыреи аҳәаанырцәтәи адипломатцәеи ашәарҭара иҭагылам ҳәа азгәеиҭеит. Иара иажәақәа рыла аталибцәа азыхиоуп аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара.
Иара убас, "Талибан" аиҿцәажәара ахархәарала аҭынчра иазыхиоуп ҳәа азгәеиҭеит.
Амҽыша "Талибан" афгантәи аҳҭнықалақь анапахьы иагеит. Атәыла ахада Ашраф Гани инапынҵақәа шьҭаҵаны атәыла далҵит, анаҩс аҭагылазашьа еицәеимтәырц.
Афганистан ахада ихаҭыԥуаҩ Амрулла Салех сыжәлар рҿы сыҟазаауеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Уаанӡа иара иҳәахьан ахаан "Талибан" аибашьцәа дышрымҵамхырхәо азы.
"Сыдгьыл аҿы, сыжәлар рҿы сыҟазаауеит. Аиашара сақәгәыӷуеит", -ҳәа иҩуеит Салех Twitter аҿы.
Al Jazeera Arabic is airing what is says is live video of Taliban fighters inside the presidential palace in Kabul
pic.twitter.com/IGKwwnqQQH"Талибан" анапхгара британиатәи агазеҭ Times аинтервиу арҭеит амчра рнапахьы ишаарго, аиҭакратә еиҳабыра аиҿкаара ишақәшаҳаҭым. Убри аан Катар иҟоу аполитофис ахаҭарнак Сухеиль Шахин аҳәамҭа ҟаиҵеит Афганистан аиҳабыра иалахәхо "Талибан" иаламыз шракәхо.
Иара убасгьы "Талибан" аполитофис ахаҭарнак иҳәеит ар, аполициа рҿы амаҵ зуа аталибцәа ирыдгылан рабџьар шьҭарҵар, ԥырхага шырмоуа. Урҭ рыхьӡқәа иҷыдоу асиа ианҵаны арезервтә мчрақәа ирыҵакхоит.
"Талибан" аибашьцәа адҵа рыҭоуп аҭынч уааԥсыра ирыламкьысырц иҳәеит Сухеиль Шахин.
Уаанӡа аталибцәа аҳәамҭа ҟарҵахьан ршьа шырымуа азы, аҵаратә усҳәарҭақәа русура ишаԥырхагамхо азы. Афганистан ауааԥсыреи аҳәаанырцәтәи адипломатцәеи ашәарҭара иҭагылам ҳәа азгәарҭон.
60 тәыла рҟынӡа аҳәамҭа ҟарҵеит аҳәаанырцәуаа Афганистан шәарҭарада ралгара аус еиҿкаазарц.
Аталибцәа ржәыларақәа мҩаԥысуан ЕААи урҭ НАТО ала рыдгылаҩцәеи рыр алгараан. Ар ралгара Урыстәыла мраҭашәаратәи арра-политикатә миссиа амчыдароуп ҳәа ахнаҳәааит.
Мчыбжьқәак рыҩныҵҟала аиҿкаара иалшеит атәыла ахы инаркны аҵыхәанӡа анапаҿы аагара.