Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра агробизнес азы 35 миллион азоурыжьит

Ақыҭанхамҩа аминистрраҿы ахықәкытә программа "2021 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара" алахәхаразы анаплакыҩцәа инарышьҭыз азыҳәақәа ҭырҵааит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 19 - Sputnik. Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра акомиссиа ҷыда агробизнес арҿиаразы 40 зыҳәа рҟынтәи 28 проект алыркааит. Аҳәынҭқарратә цхыраара иартәоит 34 812 548 мааҭ ҳәа аҳәоит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Аҵиааӡара ахырхарҭала иалкаан апроектқәа 10 – 4 112 500 мааҭ рыхә:
Иара убасгьы иалкаауп апроект миллион мааҭк ахәала – "аԥсыӡааӡара аусхк" ахырхарҭала: аԥсыӡԥшқақәа рзы 600 000 мааҭ, рыфатә азы - 400 000 мааҭ.
Фба-фба проект ирықәшаҳаҭуп "арахәааӡареи" "аԥсаатәааӡареи" рганахьала: 3 300 000 мааҭ; 2 466 500 мааҭ.
Урыстәыла Аԥсныҟа ақыҭанхамҩатә техника аанашьҭит
"Аусеиҭадулара" ахырхарҭала хә-проектк алхуп 20 848 728 мааҭ рыхә ала. Ари ахырхарҭа алахәылацәа аминистрраҟынтә иҷыдоу амаругақәа роуеит.
Иҟоуп аргылара-монтажтә усурақәа, анаплакытә хыбрақәа уҳәа рыргылара алагьы ацхыраара. Абарҭ ахықәкқәа рзы Ақыҭанхамҩа аминистрреи аилахәыра "Аԥсныргылареи" аилаӡара рыбжьарҵоит.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иажәақәа рыла, акомиссиа азыҳәақәа иныҭҵааны ирыхәаԥшуан, ақыҭанхамҩа ахырхарҭақәа зегьы раҵаркразы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҷыҭанаа Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҿиаразы ахықәкытә программа иазкны