АҞӘА, нанҳәа 19 - Sputnik. Агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Адлер" аҟны ахылаԥшра-гәаҭаратә уснагӡатәқәа анымҩаԥыргоз иааныркылаз, аурыс-аԥсуа ҳәаа изакәанымкәа иахысуаз Қырҭтәыла атәылауаҩ ахараԥса иқәырҵеит Краснодартәи атәылаҿацә Шәачатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿы. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Ахаҵа адокументқәа имамызт, аҳәаа ахысра игәҭакын аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" ала акәымкәа, дахыкәшаны. Ахаҵа даанкылан аиланхарҭа Весиолое аҿы.
Азинеилагаҩ иганахьала аӡбарҭа азыӡба амчра аиуит.
Закәаншьаҭада аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысуа азинеилагаҩ 200 нызқь мааҭ ахараԥса иқәырҵоит ма ҩышықәса рҟынӡа мчылатәи аусура идырҵоит, ма иара убри аамҭа ҭакрала ихиргароуп.