АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik. Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҟны ахылаԥшра-гәаҭаратә уснагӡатәқәа анымҩаԥыргоз дааныркылеит аурыс-аԥсуа ҳәаа иахысуаз Қырҭтәыла атәылауаҩ. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Ахаҵа адокументқәа имамызт, аҳәаа ахысра игәҭакын аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" ала акәымкәа, дахыкәшаны.
Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа ахаҭара шьақәзыргыло адокумент иашақәа рыда ахысреи азакәанԥҵара ишьақәнаргыло азини рыда аҳәаа ахысразы аусҭҵаара хацнаркит.
Азинеилагаҩ, закәаншьаҭада аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысуа 200 нызқь мааҭ ахараԥса иқәырҵоит ма ҩышықәса рҟынӡа мчылатәи аусура идырҵоит, ма иара убри аамҭала ҭакрала ихиргароуп.