Гагра атәанчаҩцәа ҭагалантәи аԥсшьараз изҭаауа ақалақьқәа ирхыԥхьаӡалоуп

Жьҭаара 1 адунеи аҟны иазгәарҭуеит зықәрахь инеихьоу ауаа Жәларбжьаратәи рымш. Урыстәылатәи амаҵзура Tvil.ru еилнакааит 60 шықәса ирҭысхьоу ауаа ҭагалан аԥсшьара ҳәа иахьцо аҭыԥқәа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik. Гагра алашәеит атәанчаҩцәа ҭагалантәи аԥсшьараз изҭаауа ақалақьқәа рхыԥхьаӡара, абри атәы аанацҳауеит амаҵзура Tvil.ru. 
Иара убас, уахь иԥхьаӡоуп акурортқәа Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә, Кавказтәи аӡҵәыҵәқәа, "Урыстәыла ахьтәы мацәаз" ақалақьқәа.
Амаҵзура  Tvil.ru адыррақәа рыла атәанчара иҟоу атуристцәа жәамш рыҩнуҵаҟа рыԥсшьара уахыктәи иақәдырӡуеит 1,7 инаркны 2,4 нызқь мааҭ рҟынӡа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: