Лаҵара 1 аахыс аурыс-аԥсуа ҳәаа 4,5 миллионҩык ахысхьеит

Аурыс-аԥсуа ҳәааҿы аҳазалхратә хылаԥшра аҭыԥ ала уахыки-ҽнаки рыҩнуҵаҟа аҳәаа иахысуеит жәанызқь транспорт хархәагеи ханҩажәа нызқь-ҩык ауааԥсыреи.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik. Лаҵара 1 аахыс аурыс-аԥсуа ҳәаа наҟгьы-ааҟгьы 4,5 миллион-ҩык ахысхьеит ҳәа, аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәача ақалақь аҿтәи амаҵзура.
Абри аамҭала аҳәаа иахысит миллионк инеиҳаны атранспорттә хархәага, 45 нызқь екскурсиатә автобусқәа абрахь иналаҵаны.
Аԥхынтәи аамҭазы аҳәаа иахысуа атранспорти ауааԥсыреи ԥшьынтә рыла еиҳауп аушьҭырҭатә ҭыԥ алшарақәа раасҭа.
Ари иахьмырԥшыкәа аҳазалхратә операциақәеи аҳазалхратә хылаԥшреи уахи-ҽни инеиԥшьны имҩаԥысуеит, Аус ауеит ацәаҳәа цҵа екскурсиатә автобусқәа рзы. Арахь иаашьҭуп ацхырааразы 30-ҩык Краснодартәии Ҟрымтәии аҳазалхырҭақәа русзуҩцәа.
Лаҵара 1 аахыс административтә зинеилагаразы 400 усқәа хацыркуп, ашықәс иалагазар – 720 ус. Аиҳарак зыдҳәало ашәҟәы иҭарымгало атауарқәа рымҩангареи, аԥкрақәа рықәымныҟәареи роуп.
Азинеилагаҩцәа реиҳараҩык аҭаҭыни арыжәтәи раалыҵқәа закәаншьаҭада аҳәаа рахыгара рҽазыршәоит.
Краснодартәи аҳазалхырҭа агәҽанҵара ҟанаҵоит:
Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" 2012 шықәсазы аусура иалагеит, атранспорт цәаҳәақәа 24 аус руеит. Иазыԥхьагәаҭоуп хара имгакәа ареконструкциа амҩаԥгара.