Лаҵара 1 аахыс аурыс-аԥсуа ҳәаа 4,5 миллионҩык ахысхьеит

© Sputnik / Елена НездоровинаГраница по реке Псоу
Граница по реке Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.08.2021
Анапаҵаҩра
Аурыс-аԥсуа ҳәааҿы аҳазалхратә хылаԥшра аҭыԥ ала уахыки-ҽнаки рыҩнуҵаҟа аҳәаа иахысуеит жәанызқь транспорт хархәагеи ханҩажәа нызқь-ҩык ауааԥсыреи.
АҞӘА, нанҳәа 31 - Sputnik. Лаҵара 1 аахыс аурыс-аԥсуа ҳәаа наҟгьы-ааҟгьы 4,5 миллион-ҩык ахысхьеит ҳәа, аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәача ақалақь аҿтәи амаҵзура.
Абри аамҭала аҳәаа иахысит миллионк инеиҳаны атранспорттә хархәага, 45 нызқь екскурсиатә автобусқәа абрахь иналаҵаны.
Аԥхынтәи аамҭазы аҳәаа иахысуа атранспорти ауааԥсыреи ԥшьынтә рыла еиҳауп аушьҭырҭатә ҭыԥ алшарақәа раасҭа.
Ари иахьмырԥшыкәа аҳазалхратә операциақәеи аҳазалхратә хылаԥшреи уахи-ҽни инеиԥшьны имҩаԥысуеит, Аус ауеит ацәаҳәа цҵа екскурсиатә автобусқәа рзы. Арахь иаашьҭуп ацхырааразы 30-ҩык Краснодартәии Ҟрымтәии аҳазалхырҭақәа русзуҩцәа.
Лаҵара 1 аахыс административтә зинеилагаразы 400 усқәа хацыркуп, ашықәс иалагазар – 720 ус. Аиҳарак зыдҳәало ашәҟәы иҭарымгало атауарқәа рымҩангареи, аԥкрақәа рықәымныҟәареи роуп.
Азинеилагаҩцәа реиҳараҩык аҭаҭыни арыжәтәи раалыҵқәа закәаншьаҭада аҳәаа рахыгара рҽазыршәоит.
Краснодартәи аҳазалхырҭа агәҽанҵара ҟанаҵоит:
  • 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ауаҩы баџьда аҳәаа ахыгара илшоит х-литрак арыжәтә џьбара,
  • Абаџь ахшәааны – 3-5 литра, хә-литрак еиҳамкәа,
  • Зықәра наӡахьоу аҳазалхратә шәарақәа рыда рхатә хархәаразы аҳәаа иахыргар рылшоит ҭоԥк (10 пачкак) асигарет ма 50 сигара (сигарала) ма 250 грамм аҭаҭын,
  • Ашәҟәҭагаларада знык ала аҳәаа ахыгара азин ыҟоуп аԥареи, аԥаратә чекқәеи 10 000 доллар ЕАА еиҳамкәа, ма иара амааҭ ала аеквивалент.
Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" 2012 шықәсазы аусура иалагеит, атранспорт цәаҳәақәа 24 аус руеит. Иазыԥхьагәаҭоуп хара имгакәа ареконструкциа амҩаԥгара.
Ажәабжьқәа зегьы
0