Аԥснытәи амашьынақәа Урыстәыла иахьалалоз аиԥынгылара мзызс иамаз еилкаахеит

Аиԥынгылара ҟалеит Ԥсоу иаԥну аурыс-аԥсуа ҳәаа автомашьынақәа роушьҭырҭа аҭыԥ аҿы нанҳәа 31 азы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснынтәи Урыстәыла иалало автомашьынақәа реиҿкаара аамҭа иацлеит апрограмматә еиқәыршәара ҿыц ахь иахьиасуазы ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәачатәи аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аԥсны ашәҟәы иҭагалоу амашьынақәа Урыстәыла иахьалалоз аиԥынгылара иалашәеит
"Аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы аҳазалхратә еиҿкаареи аҳазалхратә хылаԥшреи автоматикатә системахь риагаразы апрограмматә еиқәыршәара ҿыц ахь аиасра инадҳәаланы атранспорт хархәагақәа  раара, рцара аиҿкаара аамҭа иацлеит. Уажәазы аинформациа-программатә еиқәыршәара аусура аларгаразы аусурақәа мҩаԥысуеит", - ҳәа рҳәеит апресс-маҵзураҿы.
Уи адагьы иазгәаҭоуп  апрограмматә еиқәыршәара ҿыц аусура иалагар, аҳазалхратә хылаԥшра аамҭа акыр ишарласуа.
Аԥсны ашәҟәы иҭагалоу амашьынақәа Урыстәыла иахьалалоз аиԥынгылара иалашәеит, сааҭла игылеит нанҳәа 31 аахыс.