https://sputnik-abkhazia.info/20210902/Asnyti-amashynaa-Urystyla-iakhalaloz-aiyngylara-mzyzs-iamou-eilkaakheit-1033139087.html
Аԥснытәи амашьынақәа Урыстәыла иахьалалоз аиԥынгылара мзызс иамаз еилкаахеит
Аԥснытәи амашьынақәа Урыстәыла иахьалалоз аиԥынгылара мзызс иамаз еилкаахеит
Sputnik Аҧсны
Аиԥынгылара ҟалеит Ԥсоу иаԥну аурыс-аԥсуа ҳәаа автомашьынақәа роушьҭырҭа аҭыԥ аҿы нанҳәа 31 азы. 02.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-02T10:01+0300
2021-09-02T10:01+0300
2021-09-02T10:04+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102852/03/1028520379_0:104:2000:1229_1920x0_80_0_0_d6d2383222b2ce0343f6ae140fed8248.jpg
АҞӘА, цәыббра 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснынтәи Урыстәыла иалало автомашьынақәа реиҿкаара аамҭа иацлеит апрограмматә еиқәыршәара ҿыц ахь иахьиасуазы ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәачатәи аусбарҭа апресс-маҵзура."Аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы аҳазалхратә еиҿкаареи аҳазалхратә хылаԥшреи автоматикатә системахь риагаразы апрограмматә еиқәыршәара ҿыц ахь аиасра инадҳәаланы атранспорт хархәагақәа раара, рцара аиҿкаара аамҭа иацлеит. Уажәазы аинформациа-программатә еиқәыршәара аусура аларгаразы аусурақәа мҩаԥысуеит", - ҳәа рҳәеит апресс-маҵзураҿы.Уи адагьы иазгәаҭоуп апрограмматә еиқәыршәара ҿыц аусура иалагар, аҳазалхратә хылаԥшра аамҭа акыр ишарласуа.Аԥсны ашәҟәы иҭагалоу амашьынақәа Урыстәыла иахьалалоз аиԥынгылара иалашәеит, сааҭла игылеит нанҳәа 31 аахыс.
https://sputnik-abkhazia.info/20210901/Asny-ashy-iagalou-amashynaa-Urystyla-iakhalaloz-aiyngylara-ialasheit-1033136661.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102852/03/1028520379_112:0:1889:1333_1920x0_80_0_0_60377c9e271958e71a5be9f5d2bd37f0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥснытәи амашьынақәа Урыстәыла иахьалалоз аиԥынгылара мзызс иамаз еилкаахеит
10:01 02.09.2021 (ирҿыцуп: 10:04 02.09.2021) Аиԥынгылара ҟалеит Ԥсоу иаԥну аурыс-аԥсуа ҳәаа автомашьынақәа роушьҭырҭа аҭыԥ аҿы нанҳәа 31 азы.
АҞӘА, цәыббра 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснынтәи Урыстәыла иалало автомашьынақәа реиҿкаара аамҭа иацлеит апрограмматә еиқәыршәара ҿыц ахь иахьиасуазы ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәачатәи аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы аҳазалхратә еиҿкаареи аҳазалхратә хылаԥшреи автоматикатә системахь риагаразы апрограмматә еиқәыршәара ҿыц ахь аиасра инадҳәаланы атранспорт хархәагақәа раара, рцара аиҿкаара аамҭа иацлеит. Уажәазы аинформациа-программатә еиқәыршәара аусура аларгаразы аусурақәа мҩаԥысуеит", - ҳәа рҳәеит апресс-маҵзураҿы.
Уи адагьы иазгәаҭоуп апрограмматә еиқәыршәара ҿыц аусура иалагар, аҳазалхратә хылаԥшра аамҭа акыр ишарласуа.
Аԥсны ашәҟәы иҭагалоу амашьынақәа Урыстәыла иахьалалоз аиԥынгылара иалашәеит, сааҭла игылеит нанҳәа 31 аахыс.