АҞӘА, цәыббра 3– Sputnik, Асмат Цвижба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идикылеит Архангельсктәи аобласт агубернатор ихаҭыԥуаҩ Ваге Петросиани аделегациа ахаҭарнакцәеи.
Асасцәа аԥсшәа раҳәо Аԥсны ахада иазгәеиҭеит ареспубликазы хра шамоу Урыстәыла асубиектқәа рнырра бзиа.
"Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара иҟанаҵаз ҭоурыхтә шьаҿоуп, ҳреспублика ауаажәлар рыҿиара иацхраауеит. Иҳалшо зегь ҟаҳҵоит ҳаизыҟазаашьақәа инарҵауланы аҿиара рыҭаразы. Шәара ара иахьа шәыҟазаара ус дуны сахәаԥшуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ваге Петросиан Аԥсны ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ирзыҟаҵаз адкылара ҟәандазы, иҳәеит дара арахь раара хықәкны иамоу Аԥсни аобласти инарҭбааны русеицура шакәу, аинырразы амҩа ҿыцқәа рыԥшаара ишазырхоу.
Иара иҳәеит Аҟәеи Архангельски 2011 шықәсазы ақалақь-еишьцәа ҳәа ишыҟалаз, 2014 шықәсазы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университети Аҩада-арктикатә федералтә университети рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра нап шаҵаҩызгьы.
"Аԥсни Архангельсктәи аобласти рыбжьара жәларбжьаратәи аимадарақәа активла иҿиоит, аусеицура аинтерес ду ҳаманы ҳаҟоуп. Архангельсктәи анаплакыҩцәа аԥснытәи аалыҵ аиура аинтерес азаадырԥшуеит. Атуризм аусхк аҿы акәзаргьы ҩ-ганктәи аҿиаразы аԥеиԥш дуқәа ҳамоуп. Иҳагәҭакуп Архангельск ауааԥсыра рзы аԥснытәи асанаториақәа рҿы аԥсшьара аиҿкаара", - иҳәеит иара, иагьазгәеиеҭит аҳаиртә баӷәаза аусура ианалагалак ашьҭахь авиареисқәа раартра хра рыманы дшахәаԥшуа.
Ваге Петросиан Архангельсктәи аобласт агубернатор иҳәарала Аслан Бжьаниа аҭакс Архангельскҟа днеиԥхьеит.
Аиԥылара хыркәшо аганқәа аҳамҭақәа еимырдеит. Ваге Петросиан Аслан Бжьаниа братыниа ҳәа изышьҭоу ачысмаҭәа ииҭеит, Аԥсны ахада асасцәа ираҭәеишьеит араӡны манета, аԥсуа орнамет ала иҩычоу абырфын чабра, аԥсар.
Аделегациа ирыгәҭакуп Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭаҿы ақыҭанхамҩатә обиектқәа рҭаара.