Аԥсны даҽа 69-ҩык COVID-19 рыдбалоуп, пациентк иԥсҭазаара далҵит

Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 25486-ҩык рҟынӡа инаӡахьеит, ргәы бзиахеит 21480-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 385-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 3 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 287-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 69-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Аҟәа иҟоу урыстәылатәи амобилтә госпиталь аҟны иԥсҭазаара далҵит 1969 шықәсазы ииз апациент.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 60-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 22-ҩык, ибжьаратәуп - 23-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 25-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 23-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 13-ҩык, урҭ рахьтә фҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 12-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 70-ҩык апациентцәа, ааҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.