https://sputnik-abkhazia.info/20210903/Asny-daa-69-yk-COVID-19-rydbaloup-patsientk-isazaara-dalit-1033151037.html
Аԥсны даҽа 69-ҩык COVID-19 рыдбалоуп, пациентк иԥсҭазаара далҵит
Аԥсны даҽа 69-ҩык COVID-19 рыдбалоуп, пациентк иԥсҭазаара далҵит
Sputnik Аҧсны
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 25486-ҩык рҟынӡа инаӡахьеит, ргәы бзиахеит 21480-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит... 03.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-03T22:29+0300
2021-09-03T22:29+0300
2021-09-03T22:32+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акоронавирус адунеи аҿы
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102966/41/1029664168_0:0:3021:1700_1920x0_80_0_0_75a462c7bf1c3602018b9f8873d9bc37.jpg
АҞӘА, цәыббра 3 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 287-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 69-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.Аҟәа иҟоу урыстәылатәи амобилтә госпиталь аҟны иԥсҭазаара далҵит 1969 шықәсазы ииз апациент.Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 60-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 22-ҩык, ибжьаратәуп - 23-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 25-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 23-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 13-ҩык, урҭ рахьтә фҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 12-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 70-ҩык апациентцәа, ааҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102966/41/1029664168_209:0:2938:2047_1920x0_80_0_0_86fd915053a0c71788867c87aa3a1cd2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, акоронавирус адунеи аҿы
аԥсны, ажәабжьқәа, акоронавирус адунеи аҿы
Аԥсны даҽа 69-ҩык COVID-19 рыдбалоуп, пациентк иԥсҭазаара далҵит
22:29 03.09.2021 (ирҿыцуп: 22:32 03.09.2021) Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 25486-ҩык рҟынӡа инаӡахьеит, ргәы бзиахеит 21480-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 385-ҩык.
АҞӘА, цәыббра 3 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 287-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 69-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Аҟәа иҟоу урыстәылатәи амобилтә госпиталь аҟны иԥсҭазаара далҵит 1969 шықәсазы ииз апациент.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 60-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 22-ҩык, ибжьаратәуп - 23-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 25-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 23-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 13-ҩык, урҭ рахьтә фҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 12-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 70-ҩык апациентцәа, ааҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.