Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кур-иԥа Аԥсны амигрантцәа рыҟазаара ҵакыс иамоу иазкны

Ирацәаҩума иахьазы атәыла аԥсҭазаара иалахәу амигрантцәа, ҳекономика ишԥаныԥшуа урҭ рыҟазаара, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит Аҟәа ахадара амуниципалтә усбарҭа "Аиқәыршәазаара" адиректор Саид Кур-иԥа.
Sputnik
"Аҳәаа анаркыз аамҭазы аусуцәа ҳазхаӡомызт. Уи иаҳныԥшит, ҳәарада. Изныкымкәа аӡыргара ҟаҳҵеит ауаа ҳадаҳкыларц ҳҭахын, аусура зҭаху ауалафахәу арбаны. Аха иадҵаалоз ҟамлаӡеит. Аӡәык-ҩыџьак неит, ираҳҳәеит аусура шыҟоу, ауалафахәу ираҳҭо, аха изҭаххаз зынӡа имаҷхеит. Ауалафахәы 21 000 мааҭ инаркны 25 000 рҟынӡа инаӡоит. Асааҭ 6 инаркны 11-нӡа ашьыжь аус руеит. Нас асааҭ 2 инаркны 6 рҟынӡа аус руроуп. Ари есыҽны, амҽышала заҵәык аламҵакәа. Амҽышала – аусуцәа рҽырыԥсахуеит. Аусбарҭа аҿы иааидкыланы 25-ҩык ҳара ҳауаажәлар ыҟоуп, 30-ҩык - амигрантцәа роуп. Дара идырҳауа аиҳарак аҩныҟа рҭаацәа рахь ирышьҭуеит, ҳәарада уи аекономика ианымԥшыр залшом", - ҳәа иҳәеит Кур-иԥа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.