АҞӘА, цәыббра 5 - Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион акоммуналтә усбарҭа аусзуцәа аӡымҩангага ааха ахьаиуз аԥшаара иаҿуп, агәаанагара ыҟоуп амшцәгьақәа ирыхҟьаны алыкь иашәаҳазар ҟалоит ҳәа. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гәдоуҭатәи аӡыканал аиҳабы Оҭар Леиба.
Аӡыржәтә аанкылоужьҭеи хәымш еиҳауп.
"Ҳара ҳгәы ишаанаго ала, ақәа илеиз иахҟьаны аӡымҩангага алыкь ҭанагалан иашәаҳазар ҟалоит. Аԥшаарақәа ҳарҿуп, аха макьана иаҳзымшаацт. Уацәы атехника ҭаагоит, сагьақәгәыӷуеит уи аҭыԥ ҳзыԥшаап ҳәа", - иҳәеит иара.
Леиба иажәақәа рыла ари аӡымҩангага ӡыла еиқәнаршәоит аихамҩатә вогзал иахьаҵанакуа, уажәы уаҟа аӡы амчхара маҷуп.
Ӡыржәтәда иаанхеит Гәымсҭатәи амҩаду, Бамбора аҳабла, Лыхны ақыҭа ахәҭаки - 500 ҭӡы рҟынӡа. Аӡымҩангага шьҭаҵан 1962 шықәсазы, уижьҭеи ирымԥсахӡацт.