https://sputnik-abkhazia.info/20210905/Gdoua-araion-akhak-ayrzhtda-iouizhei-khymshup--1033155173.html
Гәдоуҭа араион ахәҭак аӡыржәтәда иҟоуижьҭеи хәымшуп
Гәдоуҭа араион ахәҭак аӡыржәтәда иҟоуижьҭеи хәымшуп
Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа аихамҩа авокзал иахьаҵанакуа, Гәымсҭатәи амҩаду, Бамбора аҳабла, Лыхны ақыҭа ахәҭаки иаланхо ауааԥсыра ӡыржәтәда иаанхеит. 05.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-05T13:32+0300
2021-09-05T13:32+0300
2021-09-05T13:34+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/07/18/1030610059_0:136:2601:1599_1920x0_80_0_0_70ee5a60e396cf87195d6616dc41d326.jpg
АҞӘА, цәыббра 5 - Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион акоммуналтә усбарҭа аусзуцәа аӡымҩангага ааха ахьаиуз аԥшаара иаҿуп, агәаанагара ыҟоуп амшцәгьақәа ирыхҟьаны алыкь иашәаҳазар ҟалоит ҳәа. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гәдоуҭатәи аӡыканал аиҳабы Оҭар Леиба.Аӡыржәтә аанкылоужьҭеи хәымш еиҳауп.Леиба иажәақәа рыла ари аӡымҩангага ӡыла еиқәнаршәоит аихамҩатә вогзал иахьаҵанакуа, уажәы уаҟа аӡы амчхара маҷуп.Ӡыржәтәда иаанхеит Гәымсҭатәи амҩаду, Бамбора аҳабла, Лыхны ақыҭа ахәҭаки - 500 ҭӡы рҟынӡа. Аӡымҩангага шьҭаҵан 1962 шықәсазы, уижьҭеи ирымԥсахӡацт.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/07/18/1030610059_142:0:2457:1736_1920x0_80_0_0_cb1b57dd097c26ec496903a3708bff4a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Гәдоуҭа араион ахәҭак аӡыржәтәда иҟоуижьҭеи хәымшуп
13:32 05.09.2021 (ирҿыцуп: 13:34 05.09.2021) Гәдоуҭа аихамҩа авокзал иахьаҵанакуа, Гәымсҭатәи амҩаду, Бамбора аҳабла, Лыхны ақыҭа ахәҭаки иаланхо ауааԥсыра ӡыржәтәда иаанхеит.
АҞӘА, цәыббра 5 - Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион акоммуналтә усбарҭа аусзуцәа аӡымҩангага ааха ахьаиуз аԥшаара иаҿуп, агәаанагара ыҟоуп амшцәгьақәа ирыхҟьаны алыкь иашәаҳазар ҟалоит ҳәа. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гәдоуҭатәи аӡыканал аиҳабы Оҭар Леиба.
Аӡыржәтә аанкылоужьҭеи хәымш еиҳауп.
"Ҳара ҳгәы ишаанаго ала, ақәа илеиз иахҟьаны аӡымҩангага алыкь ҭанагалан иашәаҳазар ҟалоит. Аԥшаарақәа ҳарҿуп, аха макьана иаҳзымшаацт. Уацәы атехника ҭаагоит, сагьақәгәыӷуеит уи аҭыԥ ҳзыԥшаап ҳәа", - иҳәеит иара.
Леиба иажәақәа рыла ари аӡымҩангага ӡыла еиқәнаршәоит аихамҩатә вогзал иахьаҵанакуа, уажәы уаҟа аӡы амчхара маҷуп.
Ӡыржәтәда иаанхеит Гәымсҭатәи амҩаду, Бамбора аҳабла, Лыхны ақыҭа ахәҭаки - 500 ҭӡы рҟынӡа. Аӡымҩангага шьҭаҵан 1962 шықәсазы, уижьҭеи ирымԥсахӡацт.