Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистрра аделегациа Камантәи аберҭыԥ иаҭааит

Каман ацқьа Иоанн Ахьҿа иберҭыԥ иаҭааз  урыстәылатәи аделегациа мҩаԥылгон аԥыза-министр, аекономика аминистр Кристина Озган.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 5 - Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистрра аделегациа Камантәи аберҭыԥ иаҭааит, абри атәы аанацҳауеит аԥыза-министр, аекономика аминистр Кристина Озган Instagram лофициал даҟьаҿы. Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы  аигумен Игнатиа асасцәа идирбеит аберҭыԥ, ирзеиҭеиҳәеит аԥшьаҭыԥ аҭоурых, Аԥсни Урыстәылеи доуҳала реимадара.
Каман ацқьа Иоанн Ахьҿа иберҭыԥ иаҭааз урыстәылатәи аделегациа мҩаԥылгон аԥыза-министр, аекономика аминистр Кристина Озган
Анаҩс асасцәа аҭааит Афонҿыцтәи аҳаԥы.
Аԥшьаша цәыббра 2 азы Аԥсны усутә ныҟәарыла иаҭааит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистрреи Аенергетика аминистрреи рделегациа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Бжьаниа Урыстәыла Аенергетикеи Аекономикатә ҿиареи аминистррақәа рхаҭарнакцәа идикылеит