Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистрра аделегациа Камантәи аберҭыԥ иаҭааит

© Foto / instagram / kristina_ozgan_officialКристина Озган
Кристина Озган - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2021
Анапаҵаҩра
Каман ацқьа Иоанн Ахьҿа иберҭыԥ иаҭааз  урыстәылатәи аделегациа мҩаԥылгон аԥыза-министр, аекономика аминистр Кристина Озган.
АҞӘА, цәыббра 5 - Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистрра аделегациа Камантәи аберҭыԥ иаҭааит, абри атәы аанацҳауеит аԥыза-министр, аекономика аминистр Кристина Озган Instagram лофициал даҟьаҿы. Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы  аигумен Игнатиа асасцәа идирбеит аберҭыԥ, ирзеиҭеиҳәеит аԥшьаҭыԥ аҭоурых, Аԥсни Урыстәылеи доуҳала реимадара.
© Foto / instagram / kristina_ozgan_officialКаман ацқьа Иоанн Ахьҿа иберҭыԥ иаҭааз урыстәылатәи аделегациа мҩаԥылгон аԥыза-министр, аекономика аминистр Кристина Озган
Кристина Озган - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Каман ацқьа Иоанн Ахьҿа иберҭыԥ иаҭааз урыстәылатәи аделегациа мҩаԥылгон аԥыза-министр, аекономика аминистр Кристина Озган
Анаҩс асасцәа аҭааит Афонҿыцтәи аҳаԥы.
Аԥшьаша цәыббра 2 азы Аԥсны усутә ныҟәарыла иаҭааит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистрреи Аенергетика аминистрреи рделегациа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Бжьаниа Урыстәыла Аенергетикеи Аекономикатә ҿиареи аминистррақәа рхаҭарнакцәа идикылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0