Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Хәырхәмал ақыҭанхамҩа апроектқәа рзы амыругақәа раахәаразы

Ҳтәылаҿы ихацырку ақыҭанхамҩатә проектқәа аҳәынҭқарра ирзоунажьуа амыругақәа раахәаразы аконкурс мҩаԥысуеит, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аефир аҿы акомиссиа алахәыла, афинансқәа рминистрра аконтрольтә ревизиа аусбарҭа аиҳабы Гиви Хәырхәмал.
Sputnik
"Ари апрограмма аԥҟарақәа рыла анхаҩы аԥара инапаҿы иоуӡом. Алахәалы аиааира анига ашьҭахь апроект иахәҭоу зегьы, конкурс ҳасабала иаахәахоит. Ахәҳаахәҭра знапы алаку рыбжьара иҟалоит аконкурс. Дара иҳадыргало амыругақәа рыхә иахәаԥшхоит, рхаҭабзиара ҭҵаахоит, шаҟа ирлас ирзааго уҳәа, абарҭ зегьы ҳасаб рзуны, иалкаахоит. Мышқәак рыла иааираны иҟоу амыругақәа ыҟоуп. Иаахәоуп аҵиаа ахьчаразы ахархәага амаҭәарқәа. Арахәааӡара апроект азы иҳадгалаз арахә хкы ҳгәаԥхеит. Уи аветеринартә нормақәа ирықәыршәаны, асанитартә нормақәа ирықәыршәаны, акарантин иахыжьны, иахәҭоу ахәшәқәа адгаланы, зхаҭабзиара ҳараку, ҳаԥсабара ианаалахьо арахә хкқәа ааҳхәарц ҳгәиҭоуп. Абри зегьы дара апроект алахәылацәа ааԥхьаны рымч зықәхо ааӡаразы арахә алкааны инагӡан. Иаарласны раԥхьатәи аԥаразоужьра ҟалоит афирмахь арахә аагаразы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Хәырхәмал.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.