АҞӘА, цәыббра 7 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 367-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 94-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 62 шықәса ирҭагылаз апациент.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 47-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 15-ҩык, ибжьаратәуп - 21-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 26-ҩык, урҭ рахьтә фҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 17-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 17-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - жәҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 60-ҩык апациентцәа, ааҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.